АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Аҳәынҭқарра ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс ҿыц алагамҭа рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
Ахада агәрагара ааирԥшит "ари аҵара шықәс адырра ҿыцқәеи, иналукааша аартрақәеи, аҵара дуи, аихьӡарақәеи ирышықәсны иҟалап" ҳәа.
"Ҳара зегьы ҳхы хдыруа ҳаныҟала инаркны, раԥхьатәи ҳшьаҿақәа адыррақәа рахь ихоуп, адырра арҳарала ихацҳаркуеит ҳаԥсҭазаара. Ашкол аҟноуп иҿыцу аилкаара азгәышьра, абзиабара рышьаҭа ахьакуа, аброуп аԥхьаҟатәи ҳақәҿиарақәеи ҳаихьӡарақәеи руасхыр ахьышьҭаҵахогьы", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Уи адагьы, ахада ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит арҵаҩцәа, урҭ рыпрофессионализми, иҟарҵо агәцаракреи ирыбзоураны рнапы ианырҵо ахәыҷқәа рҟыбаҩ аарԥшра ахьрылшо азы.
"Шәара ишәылшо рацәоуп аҵара змоу, иаԥсоу, ахдырра ҵаула змоу ҳҳәынҭқарра атәылауаа реиҵааӡараҟны", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Рауль Ҳаџьымба аҵыхәтәаны аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, анасыԥ.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Х-нызқьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа актәи акласс ахь ицоит 2019 шықәсазы