Искандер ихьӡ зху аԥхьахә анашьара арыцхә ахыгоуп

© Foto / Ибрагим ЧкадуаФазиль Искандер.
Фазиль Искандер. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер иаԥхьахә аиуразы иқәыргылоуп Владимир Делба ипрозатә еизга "Звездная пыль моих воспоминаний".

АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә анашьара арыцхә инахоуп ҩымз ҳәа инахеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит урыстәылатәи ПЕН-центр аиҳабы, ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.

Аԥхьанатә аԥхьахә аиура азгәаҭан 2019 шықәса цәыббрамзазы, аха афинанстә проблемақәа ирхырҟьаны ԥхынҷкәын алагамҭахь ииаргеит.

"Уажәы ҳара агрант ҳазыԥшуп. Убри ауп аҿҳәарагьы ҳазнахаз", - иҳәоит Попов.

Рашәарамзазы асиа кьаҿ кьыԥхьын. Аԥхьахә заур зылшо рахь иаҵанакит Владимир Делба ипрозатә еизга "Звездная пыль моих воспоминаний".

Аусумҭақәа аинтерес рымоуп, иаԥсоу роуп ҳәа азгәеиҭеит ажиури ахантәаҩы.

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

"Сгәы иаанагоит иреиӷьӡақәоу алкаахап ҳәа. Ҳара иаԥсоу ашәҟәыҩҩцәа ҳамоуп. Ара алитературоуп аҳра зуа", - ҳәа азгәеиҭеит Евгени Попов.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә шьаҭанаркит урыстәылатәи ПЕН-центр 2016 шықәса рзы. 2017 шықәса рзы аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа Витали Шариеи Ричард Чкадуеи аҳаҭыртә дипломқәа ранашьан.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0