Аӡәгьы дысҭахым: қьарс иалои "зегьы ирҿагылоу" аграфа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхрақәа
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҵакыс иамои "зегьы сырҿагылоуп" ҳәа абиуллетен иану аграфа? Иабанӡаиашоу уи авараҿы адырга аргылара? Уи алухыр, ныррас иҟанаҵои анаҩстәи алхрақәа рҟны? Абарҭ азҵаарақәа рзы лгәаанагара ҳадылгалоит Елеонора Коӷониаԥҳа.

Мышқәак роуп инхаз Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгаразы. Цәыббрамза 9 рзы еилкаахароуп ҳтәыла анаҩстәи хәышықәса иахагыло ихьӡ.

Сынтәатәи алхрақәа рымҩаԥысшьа даҽазныкгьы ҳазхәыцуазар, ҭынч имҩасзаргьы, иҟоуп ҳгәаҳҽанӡамкәа иаацәырҵуа аҭагылазаашьақәа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы иазгәасҭарц сҭахуп, алхрақәа раԥхьа Апарламент иҟанаҵаз алагала ҿыцқәа ирыбзоураны алхҩы ишиоуз алшара "зегьы сырҿагылоуп" захьӡу ацәаҳәа абиуллетен аҿы арбара. Уаанӡа ари аҩыза азгәаҭа ыҟамызт, акандидатцәа зегь ахьыҵәаӷәаз абиуллетен "ибжьыху" ахьӡын, аихшьаалақәа рҿгьы ҵакы амамызт.

Ишәгәаласыршәоит, сынтәа актәи атур аихшьаала ала, "аӡәгьы дысҭахым" зҳәаз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 1666-ҩык шыҟоу, иара убас, 4693 биуллетен – ибжьыху рахь ишыԥхьаӡоу. Арҭ аҵыхәтәантәиқәа идырны иҟаҵоу, мамзаргьы хықәкыла алхҩы зегьы иҵәаӷәоу аҳәара шыуадаҩугьы, агәҩара сымоуп аӷьырак "аӡәгьы дысҭахым" шаанаго.

Абас акәзаргьы, актәи атур аҟны зегь зҵәаӷәази, аӡәгьы дызҭахыми ргәаанагара алхра ианымԥшит, алҵшәақәа рыла аҩбатәи аполитикатә еиндаҭларахь инеит иахьа Аԥсны ахадас иҟоу Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициа иахаҭарнаку Алхас Кәыҵниеи. Уажәы алхра аҩбатәи ахәҭаҿы иҿыцҳаҳараӡа актуалра ду аманы иааҟалеит "зегьы сырҿагылоуп" захьӡу абиуллетен иану ажәеидҳәала. Иахьа иҳамоу азакәан ала, аҩбатәи атур аҿы 25% алхыҩцәа абжьыҭара инеир азхоит. Аиааира игоит ҳәа иԥхьаӡоуп еиҳа абжьы зауз.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Алхрақәеи ҳаԥсҭазаареи: аполитикатә еиндаҭларазы гәҭахәыцрақәак

Абраҟа иазгәасҭарц сҭахуп, азинԥҵаҩцәа - Жәлар Реизара адепутатцәа алхрақәа рыламҭалазы "Аԥсны ахада иалхразы азакәан" аҿы ишадырбаз "акандидат иоуз абжьқәа иреиҳамзароуп "зегьы ирҿагылоу" азы абжьқәа". Ари иаанагоит, аҩбатәи атур аҿы еиҳаны абжьқәа зауа акандидат иразҟы ахьышәҭҳәа ишыӡбамхо, уи иаҿагыло "зегьы ирҿагылоу" рхыԥхьаӡара еиҳамзароуп иоуз абжьқәа рхыԥхьаӡара аасҭа.

Аҩбатәи атур аҿы аӡәгьы аиааира изымгар, азакәан инақәыршәаны, имҩаԥгахоит алхра ҿыцқәа. Аха абраҟа иҟоуп Жәлар Реизара адепутатцәа ибзианы иззымхәыцыз азҵаатәы, ажәлар рӷьырак актәи алхрақәа рҿы иқәгыло аполитикцәа рганахь "аӡәгьы даҳҭахым" рҳәар, азакәан урҭ алхрақәа ирылахәыз акандидатцәа азин рымнахуам алхра ҿыц аҽалархәра.

"Акандидатцәа зегьы ирҿагылоу" захьӡу алагала ҿыц шьахәуп, аха азинԥҵаҩцәа инагӡаны азакәан аус адрымулеит, знык "шәаҳҭахым" ҳәа алхыҩцәа изарҳәаз акандидатцәа аморалтә зин рымоума даҽазнык ақәгылара?! Сара сгәанала, мап, аха азакәан аҿы амораль ҳәа ҳзышьҭоу арбам, азакәан аҿы еилыхха ианызароуп ажәлар рӷьырак знык мап зцәыркыз, алхра ҿыцқәа ҟалар, ақәгылара азин шимам.

Уажәы цәыббрамза 8 рзы имҩаԥгахо аҩбатәи атур аԥхьа, иаабоит актәи атур иканаԥсаз, аха ахԥатәи апозициаҿы инхаз уаанӡатәи апрезидент Александр Анқәаб иқәиргылаз Олег Аршбеи Олег Барцыци ркоманда адгылаҩцәа аҳәамҭақәа шыҟарҵо "зегьы ирҿагылоу" азы абжьыҭара ргәы ишҭоу азы, избанзар дара зыдгылоз акоманда ҵәатәы шьаҟас иаҵагылоу аполитик иаахтны имҳәеит дзыдгыло, сгәы шазҩо ала, аԥыза-министр икресло иара ишиқәашьхо еилымкаакәа.

Гиви Габниа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габниа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан абжьыҭара амҩаԥгара аԥҟарақәа

Актәи атур аҿы ахԥатәи аҭыԥ зауз аполитикцәа рыбжьы рырҭеит 18668-ҩык алхыҩцәа, маҷк ала еиҵахеит аҩбатәи аҭыԥ зауз иаасҭа, аха алхрақәа рҿы анырра аҟаҵаразы ахыԥхьаӡара зынӡагьы имаҷым.

Уажәы, ахԥатәиқәа рыдгылаҩцәа ицәырыргаз алхратә теориа "зегьы ирҿагылоу" азы абжьыҭара сшазыҟоу аасырԥшуазар, азакәанԥҵаҩцәа иҟарҵаз агха иахҟьаны, акыр иҵакыдоуп ҳара ҳзы, избанзар аҩбатәи атур аҿы "зегьы ирҿагылоу" захьӡу акандидатцәа хаҭала ироуз аасҭа еиҳахар, алхра ҿыцқәа мҩаԥгатәхоит. Алхра ҿыцқәа рҿы иҿаҿаӡа ҳаԥхьа еиҭаақәгылар рылшоит актәи алхрақәа ирылахәыз, алхыҩцәа "шәаҳҭахым" ҳәа зарҳәаз аполитикцәа.

Апрезидентра мариахеит ҳәа изшьо зларацәахаз ала, аиндаҭлараҿы жәҩык ракәымкәа, акыр еиҳаны иҟалар алшоит, уи еиҳагьы иаруадаҩуеит Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа, насгьы ҳаргьежьыр алшоит раԥхьатәи нанҳәа 25 рзтәи алхратә ҭагылазаашьахь, даҽакала иаҳҳәозар, аԥхьагылара роур алшоит иахьа измоу. Усҟан даҽазныкгьы "аӡәгьы дысҭахым" иҳәома алхҩы?

Абарҭқәа рыдагьы, алхрақәа ирықәхарџьу амиллионқәа аӡы иҭаҳаԥсеит аанагоит, избанзар, акампаниа ҿыц амҩаԥгара даҽазныкгьы ахарџь аҭаххоит, иуашәшәыроу ҳбиуџьет азы уи еидарахоит. Аполитикцәа шеишықәса партиак аҟынтәи даҽа партиак ахь ианиасуа излаҟоу ала, сгәанала, алхра ҿыц аҿы иҿыцу алшарақәа цәырнагом ҳара ҳажәлар рзы. Убри аҟынтә, иқәгыло ҩыџьа рҟынтә аӡә далхзар еиӷьуп, хыхь зыӡбахә сҳәаз аҵаҵӷәы саԥшны исҳәозар.

Абжьыҭара мҩаԥысуеит маӡала, дарбанызаалак алшара имоуп ибжьы зиҭаху ииҭарц, убри аҟынтә алхҩы дазхәыцроуп "зегьы ирҿагылоу" захьӡу ацәаҳәа иахьа ҳҳәынҭқарразы қьарс иалоу акгьы шыҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0