"Хьыбла Гьерзмааԥҳа илҳәо ашәа "Сыԥсадгьыл Аԥсны" урысшәала аиҭага рҭахуп ҳәа адырра соуит. Атекст сзаарышьҭын, ирзеиҭазгеит. Иара аиҭагара мариаӡамызт, ашәақәа ртекст аус адумулацзар, иара атәы узымдыруазар, даара иуадаҩуп. Сара иахьынӡасылшоз атекст сазааигәаны аинтерес аҵаларц аԥсышәала ицәажәартә еиԥш иҟасҵеит, нас Џьамбул Жорданиа сиҳәан, сыбжьы анаҳҵеит. Дара ирҭахын аныҳәаҿы аԥсуа бызшәа аԥшӡара, ахаара раҳарц. Са сзы уи аҵак ду амоуп. Москва ақалақь амш ныҳәа ахьазгәарҭо, асасцәа рацәаны иахьыҟало, аԥсуа поезиа раҳартә аҟаҵара сара иахьсылшаз, уи сара сзы даара игәахәа дууп", - лҳәеит Сақаниаԥҳа.
Апоетесса лгәаанагарала, ари афакт аԥсуа бызшәа аиқәырхара Урыстәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьаҿы ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп.
"Ҳаԥсуа бызшәа амырӡра, ҳаԥсуа культура, етнос ԥхьаҟатәи Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьаҿы ихадароу апунктқәа ируакуп. Абас еиԥш иуникалтәу, ибеиоу, ижәытәӡатәиу абызшәақәа иреиуоу абызшәа амырӡра аҵакы еилыркаауеит", - ҳәа азгәалҭеит Сақаниаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Москва Амш аҽны ансамбль "Амцабз" ықәгылараны иҟоуп