Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аԥсуаа жəытə-натə аахыс ашьха ахалара бзиа ирбоит. Еиҳаракгьы шьхатəыла асы анышьҭыҵлак, арахə-ашəахə, аԥсаса, ашьамаҟа ззану анхацəа рырахə рыманы ашьха икыдлоит. Хəыҷы-хəыҷы рырахə рҳəуа, досу рҭыԥқəа рахь идəықəлоит. Иахьнеиша инеиаанӡа аилыҵырҭа аҭыԥ ҳəа иахьашьҭоу аныҳəара мҩаԥганы, Ашьха алԥха роурц ҳазшаз иҳəаны, арахə рынцəахəы Аиҭар иашьапкны, рҭыԥқəа рахь ицоит.
Ашьха иамоуп иара ахатə ҵасқəа, еиуеиԥшым аҷыдарақəа. Ауаҩы имаҭəа шьхатəылан аӡəӡəара ҟалаӡом, избанзар иалшоит амшцəгьа бааԥс ҟалар, акырцх аур, адыд-амацəыс аԥырхага рнаҭар ауеит. Убри азы зырахə зманы ашьха икыдлаз идыруазароуп аҵасқəа, иахəҭам ала ахымҩаԥгара зынӡагьы ишыҟамло. Иҟоуп ашьха шəарыцара ацара бзиа избо. Ашəырацацəа рынцəахəы Ажəеиԥшьаа ирыҳəоит идырманшəаларц, рдырҩатə еиӷьхарц азы.
Џьгьарда ақыҭан инхо иқəыԥшу Аслан Кара-осман абар уажəшьҭа шықəсқəак ҵуеит иԥсаса иманы мызла ашьха дцоижьҭеи. Ҩымз инарзынаԥшуа "Адəыҩада" ҳəа изышьҭоу аҭыԥ аҿы ирахə рҳəны данылбаауаз аҽны ақыҭараҿы ҳаиқəшəеит иареи сареи. Ақыҭа агəы хнаҟьо, ишырҳəо еиԥш, иԥсаса ҵҩа рымамкəа, ишьамаҟа узымԥхьаӡо, иҽы дақəтəаны, иҭыԥ лақəеи ила шəарыцақəеи ицны агаҟа дылбааит. Уи асахьа зыбла иабаз игəы иамыхəарц залшомызт, уи акəхап саргьы садзыԥхьалазгьы.
"Ҭхьына иҟоу ашьхара иазааигəоуп Адəыҩада ҳахьыҟаз. Сынтəа хəышықəса ҵуеит сырахə сыманы ашьха сцоижьҭеи. Ашьха - ари сара сыԥсҭазаароуп, уа сара ҿыц сеиҭеизшəа збоит. Ашьха Алԥха ӷəӷəоуп. Хəыҷи-дуи 250-хы ыҟоуп абна илаз. Ҩыџьаны ҳаилоуп, Енвер Узун ҳəа дыҟоуп сгəыла, иара убас уи иҷкəынгьы Синан Узун дҳацын", - ҳəа азгəеиҭоит Аслан Кара-осман.
Зыԥсаса заԥцаны ашьха ихалаз ауаҩы абарақьаҭра ицуп. Ихш-харҵəы, ишə, ихаҷа, ичаҩыр уҳəа меигӡарахда имоуп. Хымԥада, уи иаҭахуп аџьабаа, ахылаԥшра бзиа. Аҭыԥ аҿы арахə рхылаԥшра анаҩсангьы, ахш аҭыԥ ақəҵара аус хадақəа ируакуп.
"Ҳара ҳнаҩсан ашьха ихало даҽаӡə дҟалар алшоит, мамзаргьы шəарыцаҩык дымҩасыр алшоит, убри азы ҳанылбаауа аҭыԥ аҿы иаанҳажьуеит имаҷымкəа ашьхашə, иара убас аҩныҟа илбааҳгоит ҳҭаацəа рхəы, ҳауа-ҳҭахы ҳамҭас ираҳҭоит, уи иамеигəырӷьо уаҩ дыҟоуп ҳəа сгəы иаанагом", - иҳəеит ашьхарантə зыԥсаса лбаазцаз Аслан.
Аслан излаиҳəо ала, аӡынра аамҭазы рыԥсаса абна илоуп, ашьыжь урҭ рҭыԥ иқəырҵоит, ахш рымырхуеит, игəарарҵоит, иагьгəарырхуеит. Ашьтəақəа зҭаху иаархəарц рылшоит, ирыдҵаало еснагь рхыԥхьаӡара рацəоуп, уимоу ҳамҭас ианрырҭогьы убап.
"Анцəа иџьшьаны ашьха ҳгəырӷьаҵəа ҳашхалаз еиԥш, убас еиԥш ҳгəырӷьаҵəа, ҳаибга-ҳаизҩыда ҳалбааит. Ҳҭыԥ лақəа, ҳаԥсаса уҳəа ишыжəбо еиԥш, алаԥш ҳацəухьчартə ҳаҟоуп. Ашьхатəыла иҟоу аԥсҭазаара даҽа гьамак амоуп, ҽакы иузаларҩашьом. Ԥшӡала, ҳаԥхьагьы ҳамхалар ҳауӡом, ҳашьҭахьҟа инҳажьыз ахаара ҳзыԥшуп", - ҳəа азгəеиҭоит Аслан.
Аслан Кара-осман ҩымз раахижьҭеи иимбацыз иҭаацəа рҟынӡа днеирц минуҭқəак шигыз ауп дшызбаз. Амҩа дшаркаразгьы, ихы-иҿы ачча ықəыхх дсацəажəон. Иазгəасҭарц сҭахуп, иара милаҭла дшаҭырқəоу, убри аан ихатəы бызшəеиԥшҵəҟьа аԥсышəала аҷҷаҳəа дышцəажəо, Џьгьардатəи абжьаратə школ дшалгаз.
Аслан қəрала акыр дсеиҵбуп, дсымбеижьҭеи акрааҵуан, азныказгьы харантə дысзымдырит. Иаҳəшьеиҳаб Наргиза Кара-османи сареи класск аҿы ҳаидтəалан, зыԥсҭазаара иалҵхьоу иаб Зиеи сара саби еиҩызцəан. Аслан ибара исгəаланаршəаз ахҭысқəа рацəоуп, еиҳаракгьы схəыҷра шықəсқəа. Џьгьарда сахьынхо сгəылацəа Лагəлаақәа Аԥсны аибашьра ҟалаанӡа есышықəса рыԥсаса рыманы ашьха ихалон. Ашьхарантə рылбаара сгəы хыҭ-хыҭуа еснагь сазыԥшын, еиҳаракгьы иаҳзылбааргоз ашьхашə, ҳара ахəыҷқəа ҳзы ҷыдала ашəыршақəа ԥаны иаҳзыҟарҵон, ашашəа аҵданы ирыԥхны иҳаман. Уи афҩы, уи агьама, уи асахьа ахаан исхашҭраны сыҟоума?!
Убас еиԥш сыбла иаахгылеит, ҳаҭыр ду зқəыз анхаҩ нага, зыԥсҭазаара иалҵхьоу сгəыла абырг Уанка Лагəлаа иԥсаса, урҭ ангəарихуаз, иангəареиҵоз, иара убас иреиҳəоз ахьӡ ҷыдақəа, абарақьаҭра зцыз игəараҭа... Шаҟа ажəабжь еиҭеиҳəоз ашьха, ашəарыцара уҳəа ирыдҳəаланы, аха уи аамҭа ргьежьышьас иамоузеи?..
Ашьха алԥха-агəыԥха шəымазааит, шəыԥсасеи шəшьамаҟеи машəыр рықəымлааит, ҳаҭыр зқəу шьхатəылауаа!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Анаԥа-Нага – аҽаҩра анцәахәы илызку аныҳәара
-
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара
-
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа