Алхас Кәыҵниа цәыббра 10 рзы алхрақәа рылҵшәазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь дашшуеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАӡбарҭа
Аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхрақәа рыламҭалаз Алхратә комиссиа хада аӡбамҭа аднакылеит аҩбатәи ртур аан аиааира игеит ҳәа дшыԥхьаӡатәу егьи акандидат иҿырԥшны абжьқәа реиҳарак зауз акандидат. Заатәи адыррақәа рыла, аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхас Кәыҵниа иалхратә штаб цәыббра 10 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭраны иҟоуп Алхратә комиссиа хада аӡбамҭа азакәан иахьынӡақәшәо аилкаара дҵас иҟаҵаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа.

"Ҳара ҳгәаанагарала атәыла АКХ аӡбамҭа алхрақәа рзы Аԥсны азакәан иақәшәаӡом", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада иалхразы азакәан ҳазхьаԥшуазар, аиааира згаз акандидат изы абжьқәа еиҳазароуп, уи иоппонент изи "зегьы ирҿагылоу" аграфа ази абжьқәа еилаҵаны раасҭа ҳәа иҳәеит Кәыҵниа.

Шәара шәаиааизҭгьы, урҭ алҵшәақәа шәырзашшрызу ҳәа азҵаара аҭакс, "смашшыргьы ҟаларын, аха соппонент дшашшуаз агәра ганы сыҟоуп, избанзар алҵшәақәа азакәан иақәшәароуп" иҳәеит. 

Алхрақәа рыламҭалаз Алхратә комиссиа хада аӡбамҭа аднакылеит аҩбатәи ртур аан аиааира игеит ҳәа дшыԥхьаӡатәу егьи акандидат иҿырԥшны абжьқәа реиҳарак зауз акандидат.

Аслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Аслан Барцыц Кәыҵниа иштаб алхрақәа ахьазхарымҵаз азы: уажәа ажәазароуп

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым агәаанагарақәа цәырнагеит. Уа инҭкааны иаарԥшымызт аҩбатәи атур аҟны аиааира згаз изы абжьқәа шырԥхьаӡо. Алхратә штабқәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәарақәа рышьҭахь, Аԥсны АКХ иаӡбеит аҩкандидатк рахьтә абжьқәа реиҳарак зауз шиакәу аиааира зго.

Уаанӡа АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа ишазгәеиҭаз ала, азакәан аилыркаара иадҳәалоу азҵаарақәа шынарышьҭхьаз Апарламенти Аконституциатәи Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәа рахь.

"Жәлар Реизара ԥсшьара иҟоуп, уахь инашьҭыз ашәҟәы аҭакс Апарламент иаанашьҭыз ашәҟәаҿы "Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь адепутатцәа ралхразы" азакәан ахь иазхьаԥшырц анын. Уи азакәан инақәыршәаны, АКХ иалшиот абри азакәан ишықәныҟәатәу зҳәо аинструкциақәа рыҭара", - иҳәеит Гогьиа.

АКХ адыррақәа рыла, Рауль Ҳаџьымба иоуит 47,38% абжьқәа. Уи иоппонент Алхас Кәыҵниа – 46,19% абжьқәа. Кәыҵниа арҭ алҵшәақәа идикылом, аӡбарҭаҟны дырхашшаарц игәы иҭоуп.

Аԥсны ахада иалхрақәа рзы аҵыхәтәантәи алҵшәақәа АКХ ирыланаҳәоит хымш рыҩнуҵҟа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0