Роскосмос СССР Амзатә программа адокументқәа амаӡара рыхнахит

© Foto / Роскосмос60 шықәса раԥхьа аппарат "Луна-2" Амзаҟынӡа инаӡеит. Иара уахь инанагеит ашьапылатә мпыл еиԥшны иҟаҵаз ампышҭа ҭацәқәа 3, урҭ иаарыкәыршаны "СССР" , "СССР. Сентябрь 1959" ҳәа аҩырақәа рнын.
60 шықәса раԥхьа аппарат Луна-2 Амзаҟынӡа инаӡеит. Иара уахь инанагеит ашьапылатә мпыл еиԥшны иҟаҵаз ампышҭа ҭацәқәа 3, урҭ иаарыкәыршаны СССР , СССР. Сентябрь 1959 ҳәа аҩырақәа рнын. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
60 шықәса раԥхьа аппарат "Луна-2" Амзаҟынӡа инаӡеит. Иара уахь инанагеит ашьапылатә мпыл еиԥшны иҟаҵаз ампышҭа ҭацәқәа 3, урҭ иаарыкәыршаны "СССР" , "СССР. Сентябрь 1959" ҳәа аҩырақәа рнын.

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аҳәынҭкорпорациа Роскосмос уаанӡа ирмаӡаз адокументқәа акьыԥхьит. Адокументқәа асоветтә Амзатә программа аамҭа иадҳәалан. Абри атәы аанацҳауеит акорпорациа асаит.

Адокументқәа иалдыршоит ари апрограмма амҩаԥысшьа, аҭагылазаашьа аарԥшра.

Адокументқәа урыԥхьар ҟалоит Роскосмос асаит аҟәша ҷыдаҿы.

60 шықәса раԥхьа, цәыббра 12, 1959 шықәса рзы акосмодром Баиконур аҟынтә ишьҭыԥрааз аракетамҩангага "Восток-Л" аппарат "Луна-2" Амзаҟынӡа инанагеит. Ари Амзахь инагаз раԥхьаӡатәи станциан.

Уи уа иштәаз асоветтәии аҳәаанырцәтәии аобсерваториақәа иазгәарҭеит.

Уажәы Урыстәыла еиҭахацыркуп Амзатә программа. Иара инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса рзы Адгьыл аспутник ахь астанциа "Луна-25" анашьҭра; 2024 шықәса рзы Амзахь иԥрыроуп аорбитатә аппарат "Луна-26"; 2025 шықәса рзы – астанциа "Луна-27"; 2028 шықәса рзы – аԥырыҩ дызҭам акосмостә ӷба "Федерация" Амзахь инеироуп.

2030 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп раԥхьатәи урыстәылатәи аекипаж Амзаҿ артәара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0