Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цкәуа еиҭеиҳәеит 30 шықәса раԥхьа Аԥсны амлашьратә акциа зымҩаԥгаз

© Foto / Саида ЖибаРемиз Цкәуа
Ремиз Цкәуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы 30 шықәса ҵуеит Гагра ақалақь, акинотеатр аҿаԥхьа имҩаԥгаз амлашьратә акциа аахижьҭеи. 1989 шықәсазы Қырҭтәыла Аԥсны имҩаԥнагоз азакәандаратә политика аҿагыларазы Гагреи, Гәдоуҭеи, Пицундеи, Тҟәарчали млашьра итәеит аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа гәыԥҩыла. 12 мшы Гагра ақалақь акинотеатр аҿаԥхьа еиҿкааз амлашьра иалахәыз, Леон иорден занашьоу Ремиз Цкәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи акциала СССР Иреиҳаӡоу Аилак адепутатцәа ишыддырбаз ҳмилаҭ рыԥсадгьыл аҟны рзинқәа шыԥкыз.
Цкәуа еиҭеиҳәеит 30 шықәса раԥхьа Аԥсны амлашьратә акциа зымҩаԥгаз

"Аԥсуаа рполитикатә зҵаарақәа ӡбахаанӡа ҳәа млашьра ҳтәеит. Раԥхьа Тҟәарчалаа алагеит, нас Пицунда, Гәдоуҭа, Гаграагьы урҭ реиԥш млашьра ҳтәеит. Жәаҩык раҟара ҳтәан, акьыԥхь аҿгьы иадырбеит жьҭаара 6, 1989 шықәсазы. Агазеҭ "Бзыԥ" аҟны иҭыҵит Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Аилак ахь ааԥхьара ҳәа хыс иаҭаны, ҳполитикатә ӡҵаарақәа рыӡбаразы, Москвантәи адепутатцәа ааны аҭагылазаашьа лабҿаба ирбарц ҳтәеит ҳара. Жәаҩа мшы ҳтәан, адепутатцәа амза 11 рзы иааны аҭагылазаашьа баны ианца, ҳгылеит. Ахадацәа бзиақәа ҳаман - "Аидгылара" иалаз Борис Кьахьыр-иԥа, Лев Гыцба, Закан Агрба, Артур Канџьариа аҿагыларатә акциа деиҳабын. Арҭ аԥшьҩык ҳԥызацәа ракәын, рҳәатәы ҳақәныҟәон. Иара убас аҷкәынцәа ыҟан - Виктор Барцыц, Лиуфа Псардиа, Валера Цыхьычба, Леонид Чыкәбар.

Иҟан "шәгыл, шәаҟәыҵ" ҳәа ҳазҳәозгьы урҭ сгәалашәом, рыӡбахәгьы сҳәом. Аԥсуаа, Бзыԥ, Гагра араион иаҵанакуаз, иаҳхаҵгылеит, ҳара ҳтәан, аха даргьы ҳавагылан, аҽакала ируазма?! Раԥхьатәи хымш ицәгьан, аха нас ӡык ҳжәон, ҭаҭынк ҳахон, аҳақьымцәагьы ҳхылаԥшуан. Адепутатцәа ақәҿырҭит, ҳаиҳабацәа амҩа ҳақәырҵеит, иаҭахыз ҟаҳцеит", - иҳәеит Цкәуа.

Иара игәалаиршәеит аус ицызуаз аҷкәынцәа агәымшәара шаадырԥшуаз ҳажәлар рмилаҭтә ҭахрақәа рыхьчараҟны.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0