Аиба: 1989 шықәсазы агазеҭ "Авангард" адаҟьақәа рҿы каламла ҳаибашьуан

© Foto / Саида ЖибаБадра Айба
Бадра Айба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бадра Аиба игәалаиршәоит 30 шықәса раԥхьа аполитикатә акциа алахәылацәа рхы шаадырԥшуази иусураҿы иԥылоз ауадаҩрақәеи ртәы.

1989 шықәсазы Гагра акинотеатр аҿаԥхьа 12 мшы амлашьра итәаз аԥсуа ҷкәынцәа уахи ҽни рааигәа иҟаз, рҿахәы рҿызхуаз Гагратәи агазеҭ "Авангард" акорреспондент Бадра Аиба игәалаиршәоит, 30 шықәса раԥхьа аполитикатә акциа алахәылацәа рхы шаадырԥшуази иусураҿы иԥылоз ауадаҩрақәеи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Донецктәи Аҳәынҭқарратә Университет иалганы, аҭоурыхҭҵааҩи, ажурналисти рзанааҭқәа зманы Гаграҟа иааз, Бадра Аиба аусура далагеит, Закан Агрба редакторс дызмаз, х-бызшәакны иҭыҵуаз агазеҭ "Авангард" аҟны корреспондентс.

1989 шықәсазтәи Гагратәи амлашьратә акциа  - Sputnik Аҧсны
Цкәуа 1989 шықәсазы дызлахәыз амлашьразы: ҳажәлар рзинқәа шыԥкыз дҳарбон

1989 шықәсазы, Жәлар Рфорум "Аидгылара" иалаз арԥыс ибзианы идыруан иҳаланхоз ақырҭцәа рыгәҭакқәа. Аполитикатә еиҿыхарақәа ианрылага, ажурналист қәыԥш истатиақәа рҿы ижәлар ринтересқәа ӡыригон, дрықәыӡбуан ҳҭоурых аҵәаӷәа ахьызшьарц иашьҭаз ақырҭуа милаҭ ахаҭарнакцәа.

1989 шықәсазы, Гагра ақалақь, акинотеатр аҿаԥхьа амлашьра итәаз аԥсуа ҷкәынцәа уахи-ҽни изҷаԥшьоз рыгәҭа далан Бадрагьы.

"Сара хықәкыс исыман акциа алахәцәа срыҿцәажәаны, ргәы иҵхоз ҳажәлар рызнагара. Усҟантәи аамҭазы, агазеҭ х-бызшәакны ишҭыҵуазгьы, аԥсуа ҟәша аԥынгылақәа арҭон. Аиҳарак 1989 шықәсазы аполитикатә цәа зхаз ҳастатиақәа алыхәҭа икылырхуан. Ус ишыҟазгьы иҳалҳаршон ҳаззықәԥоз ахықәкы аԥхьаҩцәа рызнагара", - еиҭеиҳәоит ажурналист.

1989 шықәсазы, агазеҭ "Авангард" ианылоз аԥсуа жәлар рмилаҭ хақәиҭратә қәԥарақәа ирыдҳәалаз анҵамҭақәа рзы, Закан Агрба имаҵура нымижьыр амуа аҭагылазаашьа аԥҵахеит.

"Агазеҭ адаҟьақәа рҿы аҩ-ганк еиқәҿаҳҭуан. Ақьаад аҿы каламла ҳаибашьуан", - иҳәоит Бадра.

Амлашьра итәаз, 12 мшы ирыҿцәажәоз акорреспондент иазгәеиҭоит аҷкәынцәа рхатәы интересқәа ишрышьҭамыз. Убасҟан иубаратәы иҟан рыԥсадгьыл рхы ақәҵарагьы ишазыхиаз.

"Ибзианы дысгәалашәоит амлашьра итәаз рхыԥхьаӡараҿы иҟаз Витали Кациа. Иара иҳәон аԥсуаа рзинқәа шьақәгылаанӡа игыларангьы ишыҟам. "Ҳаԥсы ҳхыҵаргьы, Аԥсны аԥсуаа ишыртәу агәра дҳаргоит" ҳәа иҿан ажәаны", - игәалашәоит Бадра Аиба.

Ажурналист иахьа уажәраанӡагьы игәы иалоуп, Жәлар рфорум "Аидгылара" иалахәыз рзы, аԥсуаа рхыԥхьаӡараҿгьы "шәара шәыправокатарцәоуп" ҳәа рзызҳәоз ахьыҟаз. Амаҵурақәа рцәыӡра иацәшәоз, зынӡагьы аԥсшәа рарҳәомызт.

Апатриот дуӡӡа Лев Гыцба иҵаҩы, аԥсадгьыл азы згәы былуа Бадра Аиба агәаӷь зызҭоу аԥсуа хаҵеи, журналистк иаҳасабалеи активла ихы ааирԥшуан 1989 шықәсазтәи егьырҭ аполитикатә еиҿыхарақәа раангьы. Гагратәи астадион аҿы Вадим Смыри, Ирина Сыҷынааԥҳаи, Леила Коӷониаԥҳаи уҳәа аҿар дрыцны аӷацәа рҭыԥ дзырбоз, аԥхьаҩцәа аинформациа рылазырҵәоз дреиуан.

Ирина Сичинава  - Sputnik Аҧсны
Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы

"1989 шықәсазы, ахәыҷы заҵәык иоуп иззеилымкааз ақырҭцәа иҳабашьырц ргәы ишҭаркхьаз. Маӡалатәи ҳаиԥыларақәа рҟны ари азҵаара ҵарны иқәгылан", - инаҵишьит ажурналист.

Амилаҭ хақәиҭратә қәԥара иалахәыз Бадра Аиба иҩызцәеи иареи рус ақырҭуа чынуаа апрокуратурагьы иарҭахьан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра араион аӷацәа рнапаҟны ианаарга, ақырҭцәа Бадра Аиба иҩны рблырц изныкымкәа иаԥшьаргахьан. Аха дара ирҭахыз Жәлар рфорум "Аидгылара" иалаз иаб Виктори иареи рыҭҟәара акәын.

Ажурналист сҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит иҵегь инарҵауланы сызҵаарақәа рҭаҟ аҟаҵара ахьилымшаз.

"Ииашоуп, усҟантәи аамҭазы аполитикатә хҭысқәа ршыкамҭа салагылан. Аха саргьы сеилкаа саҳәшьа, уи аахыс 30 шықәса ҵит, насгьы хышықәса рышьҭахь иалагаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра исханаршҭыз рацәахеит", - иҳәеит иара.

© Foto / предоставлено семьей КацбаГагра, 1989 шықәсазы имҩаԥгаз акциа алахәылацәа
Аиба: 1989 шықәсазы агазеҭ Авангард адаҟьақәа рҿы каламла ҳаибашьуан - Sputnik Аҧсны
Гагра, 1989 шықәсазы имҩаԥгаз акциа алахәылацәа

Бадра Аиба, аполитикатә акциа аахижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы, иара ари аҭоурыхтә хҭыс анаунагӡатәразы иахәҭаны иазиԥхьаӡоит, ааԥхьарагьы ҟаиҵоит амлашьра ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рҟны агәалашәаратә-аинформациатә ҭыӡқәа рышьақәыргыларазы. Амзар аҿгьы арыцхә азалхны, есышықәса акциа алахәцәа ҳаҭырла рыӡбахә рҳәаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0