Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа аԥсқьарра иазкны: Аԥсны иҟам ҳәа аҳәарагьы ҵасым

© Sputnik / Томас ТхайцукСавелий Читанава
Савелий Читанава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқаарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит аԥсқьарра аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Савели Ҷыҭанаа аԥсқьарра иазкны

"Аԥсқьарра –абракониерра аҭыԥ амаӡам ҳәа аҳәара иагьҵасым, избанзар акәзар ашәарыцара, аԥсыӡкра, аԥсаӡ ҵлақәа рыхҵәара аганахьала аҭыԥ амоуп. Аҵәгәырла аԥсыӡ зкуа ԥшӡала иԥсы ишьааит, аха аток ала аԥсыӡ ҭызшьаауа ҳԥылоит. Урҭ, хымԥада, иахьырхәтәуп, лахь зыҭатәу роуп. Ҳара ҳхеилак аԥқьарцәа ирҿагыланы ақәԥараҟны ареидқәа мҩаԥнагоит. Урҭ раан аӡиасқәа мышкахьы знык иадымхаргьы ирхыслатәуп, аха уаҩы илшаратәы иҟам. Ареидқәа раан аԥсқьарцәа рԥыхьашәоит, аԥкаанҵақәа анырҵоит ахараԥса рыдҵаразы. Иреиҳау ахараԥса хнызқь мааҭ ыҟоуп. Уи ахараԥса шьҭыхзарц ақьаадқәа алаҳҵахьеит, ҳазҭало ашықәс азы аиҳабыра ирыдыркылап ҳәа агәаанагара сымоуп. Ианахәҭам, ишахәҭамгьы ишәарыцоит. Кәыдрытәи аҩхаа аагозар, Чадым ашьхақәа рҟны ашәарах лбаауеит аџьыка змоу ахаҳә мақьара дырбзарц, уи гәазҭахьоу ыҟоуп, иаакәшаны аҟәҟәаҳәа абџьар наргәыдҵаны иршьоит. Уахь вертолиотла ада неишьа амам, дара ҽыла ицоит. Изныкымкәа исҳәахьеит ар шьҭыхны акәзаргьы еиԥхьарҟәҟәатәуп, мамазар ас еиԥш атемпқәа рыла ашәарах ҿиашьа рымаӡам", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0