Риҵа, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа, ацгәы: аиԥхныҩлара "Аԥсны абырлаш" шымҩаԥысуа

CC0 / / Трейлранинг
Трейлранинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиԥхныҩлара "Аԥсны абырлаш" иазкны Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы цәыббра 25 рзы имҩаԥысит апресс-конференциа.

Аиԥхныҩлара шаҟаҩы аспортсменцәа алахәхо, иарбан технологиақәоу ахархәара зауа, ацгәы Брысь уи алахәылацәа ргәалаҟара шышьҭнахуа уҳәа рыӡбахә Sputnik акорреспондент иматериал аҿы.

Sputnik, Бадри Есиава

Хәба, жәаба, жәохә километра иахьаҵанакуа аиԥхныҩлара иалагоит асааҭ 12:00 рзы аӡиа Риҵаҿы, цәыббра 28 рзы.

Ауснагӡатә аиҿкааҩ, аӡбаҩ хада Ольга Заботина лажәақәа рыла ари аҭыԥ лара лоуп иалызхыз.

"Аԥсны раԥхьатәи сыҟазаараан Риҵа шызбаҵәҟьаз бзиа избеит. Аспорттә уснагӡатәқәа реиҿкаара мҩаԥаагоижьҭеи хышықәса ирықәуп. Ҳара уажәы иҳаӡбеит ауснагӡатә Аԥсны имҩаԥаагарц", - лҳәеит Заботина.

Аидеиа адгылара арҭеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аилак, Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк, аиҿкаара SportApsny.

Ochamchira Run - Очамчыратәи аҩра - Sputnik Аҧсны
Зегьы рзы иныҳәахаз: "Ochamchira run 2019" иреиӷьу афотоҭыхымҭақәа

Аиԥхныҩлара рҽаладырхәуеит шәҩык рҟынӡа апрофессионалтә спортсменцәеи аспорт абзиабаҩцәеи 13 инаркны 64 шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Урҭ Аԥсны, Урыстәыла, Франциа, Украина, Луганск рҟынтәи иаақәаз роуп.

"Аԥсны абырлаш" амҩаԥгараан ахархәара рыҭахоит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа – алахәыла ишьапы иадҿарҳәалоит ачип. Ачип ианнаҵоит изтәу заҟа дахысыз.

Алахәыла аиԥхныҩлара далырхыр ҟалоит атранспорттә хархәага ихы иаирхәазар, ма ахымҩаԥгашьа бааԥсы аариԥшызар. Аԥҟарақәа рықәныҟәашьа хылаԥшра арҭоит амҩаҿы игылоу аволонтиорцәа.

Аиҿкаара SportApsny ацшьаҭаркыҩ, аультрамарафонец Денис Саманба иҳәеит аԥхьанатә аиԥхныҩлара иҽалаирхәырц шиҭахыз, аха иара амҩаԥгаҩыс дҟаларц ишиҳәаз. Иара иазгәеиҭеит ари амҩахҵәаха бзианы ишидыруа.

"Сталин идачаҟынтәи Риҵанӡа амҩа оумашәа иԥшӡоуп. Аҩадарақәеи аладарақәеи ракәзар, азыҟаҵара бзиа рҭахуп. Аиашараҿы мацара аҩра иашьцылахьоу ауаҩы ицәыцәгьахоит", - иҳәеит Саманба.

Ауснагӡатә амҩаԥгараан ара иҷаԥшьоит ацхыраара ласы аҳақьымцәа, АҶА аусзуҩцәа.

Аиԥхныҩлаҩцәа рыспорттә лшарақәа раарԥшра адагьы, рыԥсшьарагь еиҿкаауп. Абри аан ргәы арҿыӷьуам аиԥхныҩлара аталисман – ацгәы Брысь. Ацгәы зынӡа ицыгәӡам. Аниматор усеиԥш иҽеилаҳәаны еицлабуа дрываҩуеит, ргәы ирхаҵоит.

Алахәылацәа зегьы рымаҵ аура иазыхиоуп Санкт-Петербургнтәи иааԥхьоу амассажистцәа ркоманда.

Афиниш ахь инеиуа иранашьахоит амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аҳамҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0