Самбо азы атурнир "Аиааира Ахраҿа" аатит Аҟәа

© Foto / Нанули ХагбаСамбо азы атурнир "Аиааира Ахраҿа"
Самбо азы атурнир Аиааира Ахраҿа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Самбо азы атурнир "Аиааира Ахраҿа" иалахәуп 240-ҩык аспортсменцәа Аԥсны араионқәа, Ҟарачы-Черқьессиа, Адыгеиа, Риазан, Ростов-на-Дону, Белоруссиа рҟынтәи.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Самбо азы атурнир "Аиааира Ахраҿа" аатит Аҟәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аӡбаҩ хада Евгени Барков.

Аицлабрақәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара иазырхоуп.

Атурнир хымш имҩаԥысуеит. Иара иалахәуп 12 команда, 240-ҩык аспортсменцәа Аԥсны араионқәа, Ҟарачы-Черқьессиа, Адыгеиа, Риазань, Ростов-на-Дону, Белоруссиа рҟынтәи.

"16-нтәуп атурнир мҩаԥыргоижьҭеи. Аицлабрақәа акыр интересуп. Атурнир еснагь гәахәарыла рхы аладырхәуеит. Самбо Аԥсны аҿиара змоу спорт хкуп", - иҳәоит Евгени Барков.

Самбо азы атурнир "Аиааира Ахраҿа" хыркәшахоит цәыббра 28 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0