"Аԥсуа хылԥа ду" атурнир мҩаԥысуеит Аиааира амш аламҭалаз

CC0 / / Теннис
Теннис  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апринц Ольденбургск икортқәа рҿы Гагра ақалақь парк аҟны аԥкьаҭасразы атурнир мҩаԥысраны иҟоуп. Атурнир мҩаԥгахоит цәыббра 28 асааҭ 10:30 рзы.

АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасратә турнир "Аԥсуа хылԥа ду" жәаантәуп Гагра имҩаԥысуеижьҭеи. "Аԥсуа хылԥа ду" атурнир мҩаԥысуеит Аиааира амш аламҭалаз. Абри атәы аанацҳауеит ИАР атәылақәа Ринститут апресс-маҵзура.

"Аԥсны бзиа избо ахаангьы иаҵахаӡом. Агәахәара ду снаҭоит атурнир Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирдаҟьа дуны иахьыҟоу. "Ҩ-тәылак – жәларык" абасеиԥш дивизны иамоуп атурнир. Абригьы иунарбоит иара ахықәкы", - иҳәоит атурнир аиҿкааҩ Константин Затулин.

2001 шықәса раахыс есышықәса имҩаԥысуеит атурнир. 2004 шықәса заҵәык рзы Беслантәи арыцҳара инадҳәаланы иахыган.

Атурнир амҩаԥгара аидеиа аԥкьаҭасра бзиа избо роуп. Урҭ еиҿыркааз аклуб хадара аиҭоит Константин Затулин.

2011 шықәса раахыс атурнир Сергеи Багаԥшь ихьӡ ахҵоуп. 2019 шықәса рзы атурнир азкын Урыстәыла Аԥсны имҩаԥнагоз аҭынч реиҿкааратә операциа 25-шықәса ахыҵра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0