Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

© Sputnik / Саида ЖибаТеннисные корты
Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны, аԥкьаҭ асразы имҩаԥысуа атурнирқәа реиҳарак Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәаҟноуп иахьеиҿкаахо. Алахәцәеи асасцәеи, ахәмаррақәа ирхашәаланы ари адәы аҭоурых ҭызҵаауа рацәаҩым. Убри аҟнытә, иахьа аԥхьаҩцәа ишәеилҳаркаауеит, Гагратәи аԥкьаҭ асратә адәы ашьақәгылашьа, уи атәы еиҭеиҳәоит 20 шықәса инеиԥынкыланы напхагара азҭо Лев Волокитин.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

1904 шықәсазы, апринц Ольденбургтәи акурорт Гагра анаԥиҵа, арахь ԥсшьара иаауа иалагеит Урыстәылатәи аимпериа ахаҭарнакцәа, ачынуаа. Аимператор Николаи а-II-тәии апринц Ольденбургтәии аиуара рыбжьан, реизыҟазаашьақәагьы бзиан.

Гагра ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургтәи ԥас ииаӡаз, Лӡаатәи арԥыс Маҳаир Алхас-иԥа Жьиба идамра - Sputnik Аҧсны
Апринц Ольденбургтәи иааӡамҭа - Маҳаир Жьиба иҭоурых

Аԥкьаҭ асра иазҟазаз аимператор изы, ҷыдала апринц Гагратәи амшын аԥшаҳәатә парк аҟны, аԥкьаҭ асратә дәы еиҿикааит, сасра данаауа, араҟа аамҭа ихигаларц. Аԥкьаҭ асратә дәы раԥхьа ихкаан, ԥшь-ҭыԥкны еихшан, анышәаԥшьи — аԥслымӡи рыла иҭарҭәан, амала амшцәгьақәа рышьҭахь, мышқәак ахәмаррақәа рымҩаԥгара залыршахомызт, аҳәынҵәа иахҟьаны.

Ареволиуциа ашықәсқәа рзы, Гагратәи абаӷәазаҟны игылаз аӷба амаҵ азызуаз амшынуаа ашьапылампылтә дәы аҳасабала ахархәара арҭо иалагеит. Иара убас, аԥсшьарҭа ҩнқәа рҿы иаԥҵахаз агоспитальқәа рҟны зҽызхәышәтәуаз аруаа ацәаҳәа иқәслон.

Асовет Еидгыла аамҭақәа раан, Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы, ҩаԥхьа иазыхынҳәит ахьӡ-аԥша. Адәы ф-ҭыԥкны еиқәыршәан, уажәшьҭа зхаҭабзиара ҳараку акьыри авулкантә маҽахәа ықәырҭәан. Ишьақәыргылаз адренажтә система иабзоураны, амш анеилгалак сааҭк ашьҭахь, ахәмаррақәа мҩаԥугар ауан. Иргылан аҽазыҟаҵаратә ҭӡы, административтә хыбра, аҽеиҭакырҭақәа, ашьышьмақәа, аҽыкәабарҭақәа уҳәа.

© Sputnik / Саида ЖибаТеннисные корты
Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Теннисные корты

СССР еицырдыруаз аԥкьаҭ асыҩцәа араҟа еиҿыркаауан ахәмаррақәа, аҽазыҟаҵарақәа.

"Асовет аамҭақәа раан, СССР имаҷӡан аԥкьаҭ асратә дәқәа. Москва акәзар, сааҭк ухәмарырц азы 25 мааҭ шәатәын, ҳара ҳҟны ҩ-мааҭк. Убри азы мацарагьы, шәҩыла аспортсменцәа ҳзаауан", — иҳәоит аԥкьаҭ асратә дәы аиҳабы Лев Волокитин.

Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы иааизакны, аура 103 метра ыҟоуп, аҭбаара, ахыбрақәагьы налаҵаны 50 метра рҟынӡа. Аҭыԥқәа ртәы уҳәозар, акы аура 23 метра еиҳауп, аҭбаара 11 метра рҟынӡа инаӡоит.

Лев Волокитин раԥхьаӡа акәны, Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы даҭааит 1980 шықәсазы. Убри аахыс, игәыбылра адхалеит.

"Сара професионалк иаҳасабала аԥкьаҭ сасӡом, аха ари аспорт хкы бзиа избоит. Иахьа уажәраанӡагьы, сҩызцәеи сареи ҳаицасуеит", — иҳәоит иара.

© Sputnik / Саида ЖибаЛев Волокитин
Лев Волокитин  - Sputnik Аҧсны
Лев Волокитин

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы ааха ӷәӷәа аиуит. Ахыбрақәа еилаԥыхха иҟан, адәы аҟны аҵиаақәа ирызҳаит. Аӡцарҭақәа еимаҳаны иахьыҟаз аҟнытә, есқьынагьы аҭыԥқәа цәаакын.

Иван Балин имаругақәа - Sputnik Аҧсны
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин

Аибашьра ашьҭахь шықәсқәак ааҵуаны, Гагра ақалақьуаҩ Гиви Ладариа инапхгарала, иҩызцәа ицырхрааны нап аркын аԥкьаҭ асратә дәы аиҭашьақәыргылара. Убасҟан Лев Волокитин аиҳабыс даҭаны, адәы аԥсы ахарҵо иалагеит.

"1999 шықәсазы, аԥкьаҭ асратә дәы қьырала изгаз Гиви Ладариеи иҩызцәеи рыбзоурала, хҭыԥк ахәмарра иаздырхиеит. 2000 шықәсазы даҽакы ахархәарахь инашьҭны, раԥхьаӡа акәны ахәыҷтәы турнир мҩаԥаагеит", — еиҭеиҳәоит аԥкьаҭ асратә дәы аиҳабы.

2000 шықәса раахыс, Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҟны иҟаҵоу маҷым. Аҭыԥқәа зегьы ишахәҭоу еиԥш еибыҭоуп. Ахыбрақәа еиҭашьақәыргылоуп.

Есышықәса араҟа имҩаԥысуеит ахәыҷқәеи адуцәеи злаху ареспубликатәии жәларбжьаратәии атурнирақәа, урҭ иреиуоуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз, Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку жәларбжьаратәи ахәыҷтәы аԥкьаҭ асратә турнир, Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба игәалашәара иазку жәларбжьаратәи атурнир, ахәыҷтәы жәларбжьаратәи атурнир "Море в Гаграх", Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь изныкымкәа адепутатс иалхыз, ауаажәларратә усзуҩ Константин Затулин "Большая абхазская шляпа" захьӡу атурнир мҩаԥигоит. Арахь иааиԥхьоит еицырдыруа аполитикцәа, аспортсменцәа, артистцәа уҳәа.

Ажәакала, ари аспорт хкы Гагра еиднакылоит хыԥхьаӡара рацәала асасцәа. 2010 шықәсазы, Гагра иаартын аԥкьаҭ асратә школ, уи напхгара аиҭоит Лев Волокитин. Иара иажәақәа рыла, иахьазы убас ашколқәа аартуп Пицундеи, Цандрыԥшьи.

Гагратәи аӡбахә уҳәозар, аԥкьаҭ асратә школ 27-ҩык ааӡамҭацәа амоуп, ф-гәыԥкны ишоуп. Иаҳҳәап: аиҵбыратәи- иаднакылоит 3-4 шықәса зхыҵуа инадыркны, абжьаратәиқәа хԥа-  иаднакылоит 5-6 шықәса зхыҵуа, аиҳабыратәи акы- 9-10 шықәса зхыҵуа рзы. Иҟоуп убас, "Агәабзиара" захьӡу агәыԥ, арахь иныҟәоит аԥкьаҭ абзиабаҩцәа. Аспортсменцәа азыҟалҵоит Москвантәи иааны иҟоу азыҟаҵаҩ Елена Герцева.

XIV международный теннисный турнир Большая Абхазская Шляпа открылся в Гагре - Sputnik Аҧсны
Аԥкьаҭ асратә турнир "Аԥсуа хылаԥа ду - 2015" аатит Гагра

Гагратәи аԥкьаҭ асратә школ уалацәажәо, лыӡбахә умҳәарц залшом, хәышықәса зхыҵуа ааӡамҭа Мариа Аиԥҳа. Лара ахәыҷбаҳчахь аныҟәара мап анацәылк, аҭаацәа ирыӡбеит, аԥкьаҭ асра дазыркырц.

"Мариа хышықәса лхыҵуан аԥкьаҭ асратә школ данаҳҭа. Ахәыҷы бзиа ибаны уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит дныҟәоуижьҭеи. Азыҟаҵаҩ Елена Герцева лакәзаргьы, доусы изнеишьа лдыруеит, лааԥсара рацәоуп. Мариа лгәы ахымшәакәа, лаԥхьаҟагьы иацылҵарц лгәы иҭоуп", — ҳәа ҳаилиркааит лаб Русҭам Аиба.

Мариа хәыҷы макьаназы атурнирқәа дрылахәӡам — лықәра аҵанакуам азы.

© Sputnik / Саида ЖибаМария Айба
Мария Айба - Sputnik Аҧсны
Мария Айба

"Аԥкьаҭ асратә школ гәыԥк, хәҩык иреиҳамкәа ауп ишаднакыло, избанзар аус рыдулара уадаҩуп. Азыҟаҵаҩ, аԥкьаҭ асра апрактика анаҩс, атеориагьы деиллыркаауеит. Аԥкьаҭ асразы ахәыҷқәа аҽазыҟаҵарахь иааиуеит мчыбжьык ахь хынтә, агәыԥқәа зегьы ирызԥҵәоу амшқәа рзы", — иҳәоит Волокитин.

Аԥкьаҭ асратә дәы иаҭаауа, ари аспорт хкы абзиабаҩцәа хаҵеи ԥҳәыси рхыԥхьаӡара 50 рҟынӡа инаӡоит.

Лев Волокитин инаҵшьны иазгәеиҭоит, аԥхынра иалагӡаны, Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы иаҭаауа аԥсшьаҩцәагьы шмаҷҩым.

Ажәабжьқәа зегьы
0