Ашьапылампыл аҿиара апрограмма аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥҵоуп

CC0 / Pixabay / Ашьапылампыл
Ашьапылампыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамзазы имҩаԥысраны иҟаз 27-тәи ачемпионати атәыла Ахраҿеи рзы ахәмаррақәа ииагоуп 2020 шықәса ааԥынрахьы аклубқәа рфинанстә проблемақәа ирхырҟьаны.

АҞӘА, жьҭаара 10– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл аҿиара ахықәкытә программа аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥҵоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампылтә лига Афедерациа адиректор Витали Федоренко.

Аԥсны Ахраҿа агаразы афиналтә хәмарра - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампылтә чымазара, мамзаргьы згәы бааԥсу ашьапылампыл

Ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа инарҭбаау аилатәараҿы атәыла ахада ихьӡала ашәҟәы нашьҭызарц аӡбра рыдыркылеит. Ашәҟәаҿы иарбан цәыббрамзазы имҩаԥысраны иҟаз 27-тәи ачемпионати атәыла Ахраҿеи рзы ахәмаррақәа 2020 шықәса ааԥынрахьы аклубқәа рфинанстә проблемақәа ирхырҟьаны ииагоуп ҳәа. Убри адагьы инарҭбааны иарбан акомандақәа хәмарларц азы иахәҭаны иҟоу аԥаралагалара ахышәа-ҵышәа.

"Атәыла анапхгара ашәҟәы иану иақәшаҳаҭзар ашьапылампыл азы Афедерациа иазнархоит аспортхкы аҿиараз апрограмма. Аплан иацҵахоит аԥаразоужьратә смета. Аиҳабырахь ашәҟәы ҳашьҭит, уажәы аҭак ҳазыԥшуп", - иҳәеит Витали Федоренко.

Ашәҟәаҿы иазгәаҭоуп ахәыҷтәы шьапылампыл еиԥш адуцәа ршьапылапылгьы аиҭакра дуқәа аҭахны ишыҟоу.

"Убри азы иахәҭаны иҟоуп етап-етапла аплан азырхиара. Ара иаҭахуп аиҳабыра рыцхыраара. Афедерациа ахала иалшом асеиԥш инарҭбаауа апроект анагӡара", - иҳәеит иара.

Аԥсны ашьапылампыл иахьазы апроблема рацәа амоуп. Арахь иаҵанакуеит аԥаразоужьра азымхара, аҽазыҟаҵарҭатә дәқәа рмаҷра, аҟазауаа разымхара.

"Азыҟаҵаҩцәа ҿарацәа шааиуагьы урҭ рԥышәа маҷуп. Ҳаамҭазтәи ашьапылампыл азы иазхом", - иҳәеит Федоренко.

2020 шықәса рзы ахәмаррақәа ишахәҭоу еиԥш рымҩаԥгаразы 7-8 команда алахәызароуп.

Ашьапылампыл аҿиара апрограмма аус адуларазы иаԥҵоу аусутә гәыԥ иалахәуп: атәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Аџьынџьал, АК "Нарҭ" аиҳабы Геннади Ҵнариа, АК "Динамо" аиҳабы Асҭамур Адлеиба, аспорт азы аҳәынҭеилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар, АК "Абазг" аиҳабы Шамиль Аӡынба, атәыла Аолимпиатә еилакы аиҳабы Валери Аршба, ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа анапхгаҩы Џьума Кәарцхьиа.

Цәыббрамзазы имҩаԥысраны иҟаз 27-тәи ачемпионати атәыла Ахраҿеи рзы ахәмаррақәа ииагоуп 2020 шықәса ааԥынрахьы аклубқәа рфинанстә проблемақәа ирхырҟьаны. Ихәмарраны иҟаз акомандақәа фба рҟынтәи ԥшь-командак роуп иаанхаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0