Аӡбаҩ, ажурналист: Григори Погосиан испорттә нысымҩа

© Sputnik / Томас ТхайцукГригорий Погосян
Григорий Погосян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаҩырҵәыреи аспорти рҟны зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, СССР ачемпионати Ахраҿеи рзы ахәмаррақәа рыӡбаҩ, аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара занашьоу Григори Погосиан диит 84 шықәса раԥхьа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Заԥхьаҟа амилаҭтә категориа иаҵанакраны иҟаз аӡбаҩ Григори Погосиан диит Аҟәа 1935 шықәса рзы. Иҭаацәа шьҭрала Ашьха Ҟарабах иатәын. "Большой футбол стал его судьбой" ҳәа захьӡу астатиаҿы Артавазд Сарециан иҩуан Погосиан ихәыҷраамҭақәа уадаҩны ихигеит ҳәа.

Советский футболист, полузащитник Виталий Кухинович Дараселия (1957-1982) (справа). Фото из коллекции Нино Мелия. - Sputnik Аҧсны
Алегенда №6, аиааиҩы имҩа: Витали Дараселиа игәаларшәара аҳаҭыраз

"Иҩызцәа зегь реиԥш иаргьы аамҭа уадаҩқәа дырҭысит. Ауадаҩра ыҟан 1943 шықәса рзы, аибашьра аамҭақәа раан иан даниԥхаз. Ус шакәызгьы аҵара бзианы иҵон. Аспорт акәзар иаамҭа аиҳарак азикуан", - иҩуеит иара.

Григори Погосиан даныхәыҷыз инаркны аспорт, аиҳарак ашьапылампыл бзиа ибон. Убасҟан ахәмарра далагеит акоманда "Юный динамовец" аҟны, аамҭақәак рышьҭахь капитансгьы дҟалеит. Командак аҟны дрыцыхәмаруан заԥхьаҟа еицырдыруа иҟалоз Саркис Овивиан, Амиран Зарданиа, Иури Пруиӡе.

Григори Погосиан ашьапылампыл адагьы абокс бзиа ибон, ақәҿиарақәагьы иман абри аусхк аҟны. Аха ашьапылампыл алихит иаԥхьаҟатәи иԥсҭазааразы.

"Иналукааша шьапылампыласҩын. Иԥсы ахҭниҵон. Иуникалу архивтә материалқәа еизигон асовет шьапылампыл иазкны", - еиҭеиҳәоит аҟәатәи "Динамо" уаанӡатәи ахәмарыҩ Иури Логәуа.

Ашьапылампыл хыркәшо Григори Погосиан аӡбаҩ ироль никылеит. 1966 шықәса рзы қәҿиарала Қарҭтәи абаҩырҵәыра аинститут далгеит. Қырҭтәыла иреиӷьу аӡбаҩцәа ргәыԥ далан.

Валерий Аршба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Валери Аршба еиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл шышьақәгылаз

"1968-шықәса рзы аидгылатә чемпионат ахәмаррақәа рыӡбаҩцәа ркоманда далахәылахеит. Москва, Ереван, Қарҭ, Киев, Баку, Минск, Ташкент, Алма-Ата уҳәа егьырҭ Асовет Еидгыла ақалақьқәа жәпакы рҿы Григори Погосиан ӡбаҩык иҳасаб ала ашьапылампыл-дәы дықәын. Жәларбжьаратәи ахәмаррақәагьы изныкымкәа иӡбахьан", - иҩуеит Сарециан.

40 шықәса инарзынаԥшуа Григори Погосиан ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионатқәа рҟны ӡбаҩыс дыҟан.

Григори Погосиан хәмарҩык, ӡбаҩык иҳасаб ала адагьы аспорт иахцәажәо журналистн.

"Абри аганахь ала даара аус иухьан. Инапы иҵихуаз астатиақәа "Советская Абхазия" ианылон", - иҳәоит Иури Логәуа.

Аԥсны аспорт аҿиараҿы илагалаз 2004 шықәса рзы Григори Погосиан ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара. 2012 шықәса рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарра абаҩырҵәыреи аспорти рҿы зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан.

Григори Погосиан иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 12 2017 шықәса рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0