Саид Ашәба адунеи аҿы адомино ихәмаруа иреиӷьу жәаҩык дырхыԥхьаӡалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцукадомино азы ачемпионат
адомино азы ачемпионат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрофессионалтә домино азы адунеи ачемпионат мҩаԥысит Мексика, ақалақь Лос Кабос аҿы 2019 шықәса жьҭаара 3 - 6 рзы. Ачемпионат иалахәын аԥснытәи аспортсменцәа.

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Саид Ашәба Апрофессионалтә домино азы адунеи ачемпионат аҟны абыжьбатәи аҭыԥ ааникылеит. Адомино азы адунеи ачемпионат мҩаԥысит Мексика, ақалақь Лос Кабос аҿы 2019 шықәса жьҭаара 3 - 6 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адомино Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Лакербаиа.

"Ачемпионат 15 тур рыла ишьақәгылан. Алахәылацәа рхыԥхьаӡара 500-ҩык рҟынӡа инаӡон. Ҳахәмарыҩ адунеи аҿы иреиӷьу жәаҩык дахьрылаԥхьаӡалахаз даара игәахәароуп", - иҳәеит иара.

Аԥснытәи ахәмарыҩцәа ԥшьынтәуп адунеи ачемпионат рҽаладырхәуеижьҭеи. 2017 шықәса рзы Аԥсны акомандатә хәмарраҿы ажәаҩатәи аҭыԥ ааннакылеит. Ахәмаррақәа мҩаԥысуан ақалақь Виллемстад аҿы.

2011 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысит адунеитә еицлабра. Уажәы аԥсуа спортсменцәа рҽаздырхиоит 2020 шықәса рзы Панама имҩаԥысраны иҟоу адунеи ачемпионат.

Адунеи ачемпионат иалахәын: Саид Ашәба, Алмас Габуниа, Беслан Ҵнариа, Дамеи Ԥкьын,Ҭемыр Лакербаиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0