Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа
12 шықәса инарзынаԥшуа аус здырулоз ашәҟәы ҳазҭоу ашықәс азы иҭыҵит. Аиԥылара аартуа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иҳәеит ари аҭыжьымҭа аԥсуа-абазаҭҵаараҿы хәы змам хҭысны ишахәаԥштәу. Иара иазгәеиҭеит аизга иагәылоу аматериалқәа уажәаԥхьа шамахамзар аӡәгьы ишизымдыруаз.
"Ари аҭыжьымҭа - ԥсҭынхоуп. Аӡра, ахашҭра ихықәгылаз ахыҵхырҭақәа ҳара ҳахь иархынҳәуеит. Убри аҟнытә ари ашәҟәы хаҭала сара шьаҭамырӡганы, ҭҵаарадырратә баҟаны сахәаԥшуеит. Шәышықәса зхыҵырц рацәак згым анапылаҩырақәа рыԥҳьара, рыхҩылаара ҳәарада, имариамызт. Уи аус аҟны иҳацхрааз, иҳавагылаз рацәаҩуп", - иазгәеиҭеит аҵарауаҩ.
Џьапуа иажәақәа рыла аизга иагәылоу аматериалқәа аханатә Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иоуп изԥыхьашәаз. Иара убас имаҷымкәа анҵамҭақәа еиқәырханы аҵарауаа ирықәлыршәеит Анатоли Генко иԥҳа Галина. Абаза ҵарауаҩ Пиотр Чекалов атекстқәа атранскрипциатә ҩыра аҟнытә иахьатәи абаза ҩырахь ииаигеит. Аиҿкааратә усқәа рҟны адгылара ҟаиҵеит АААК ахада Мусса Екзеков.
Аизга иагәылалаз аматериалқәа аус рыдулара мҩаԥысуан 2007 шықәса раахыс. Ашәҟәы атираж – 500 цыра.
Ашәҟәы актәи ахәҭаҿы иаагоуп кавказҭҵааҩы, алингвист, аетнограф Анатоли Генко 1929-1933 шықәсқәа рзы иҟаиҵаз аҭҵаарадырратә нҵамҭақәа. Ашәҟәы иагәылалаз аматериалқәа раԥхьаӡакәны аԥхьаҩцәа ирыдгалоуп ҳаамҭазтәи абаза графикала, еиуеиԥшым ажанрқәа рыла, иара убас аоригинал.
Аҩбатәи ахәҭаҿы иануп абаза бызшәа иазкны Генко иҭҵаарақәа рҭоурых, зыԥсы ҭоу адокументқәа, иара убас уажәаԥхьа ицәыргамыз аматериал. Аҩхәтакгьы ртекстқәа, анапҩырақәа Ринститут Архиви (Санкт-Петербург), иара убас Ставропольтәи атәылаҿацә Аҳәынҭқарратә архиви рҟны иԥшаан.
Аҭыжьымҭа аздырхиеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуеи, абаза ҵарауаҩ Пиотр Чекалови. Ашәҟәы аҭыжьраҿы ацхыраара ҟарҵеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, Аԥсуа-абаза етнос арҿиаразы жәларбжьаратәи аиҿкаара "Алашара", Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет.