Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: аԥҳәыс ахаҵа бӷас дышимоу иҟәышу зегьы ирдыруеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашәба
Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дызцәыргамзеи атәыла ахада иԥшәмаԥҳәыс? Уи лцәырҵра аԥсуа традициатә культура иаҿагылоума? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, аетнолог Арда Ашәба.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ашәба атәыла хада иԥшәма ԥҳәыс лроль иазкны

"Аԥҳәыс еснагь аҭаацәараҿы ҟәышрак, еиӷьрак, аибаӡаара бзиа ыҟазар, лара илыбзоуроуп. Ахаҵа соуп зҳәо ачеиџьыка имоуп, дламысҩуп ззырҳәо, иара имоу ахьӡ-аԥша абжа иԥҳәыс лҟынтәи ауп, избанзар длықәгәыӷуеит. Адәахьы акәзар, еицҽыжәланы ианцозгьы ыҟан. Шамахамзар, аԥхәыс данҽыжәлоз ршьамхы лыҵаргылан акәын дышҽыжәырҵоз. Аԥсуаа рҭоурх аҿы иҟоуп зашьа ишьа зуаз аԥсуа ҭыԥҳәа, зыҷкәын ишьа зуаз ан лхаҿсахьа, џьара хьысҳарак ҟалар, афырҳәа аҭак ҟазҵоз. Уажәтәи аамҭазы уаҩы иаҳџьыимшьо ак ҟалап ҳәа сгәы иаанагом. Иахьатәи аамҭазы иуадаҩуп, мамзаргьы ԥсыуак дақәыӡбап ҳәа сгәы иаанагаӡом. Есма-Ҳаным ҳәа Аԥснынтә ицаз Ҭырқәтәыла ақыҭа иахьа лыхьыӡ ахуп. Иахьакәзаалакгьы аԥҳәыс лроль, аԥҳәыс лыхшыҩ, ахаҵа бӷас дышимоу - уи иҟәышу зегьы ирдыруеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0