Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьуӷьелиа аҳәса рацәа раагара азҵааразы: ус еиԥш аҿырԥштәы Аԥсынгьы иҟоуп

© SputnikАбдураҳман Џьуӷьелиа
Абдураҳман Џьуӷьелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амуфти хада ихаҭыԥуаҩ Абдураҳман Џьуӷьелиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҳәса рацәа раагара азҵааразы игәаанагара.

Москва амуфти хада Ильдар Алиаутдинов ааигәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәса рацәа раагара Урыстәыла азакәантә шьаҭа аиур, асоциалтә уадаҩрақәа жәпакы аӡбон, избанзар аҳәса хыԥхьаӡарала ахацәа раасҭа акыр еиҳауп.

 

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьуӷьелиа аҳәса рацәа раагара азҵаара иазкны

"Аԥҳәыс ахаҵа иаасҭа лыԥсҭазаара ҭаацәарала аиқәыршәара иаҳа илцәыуадаҩуп. Астатистика ҳанаԥхьоз, 10 миллионҩык рыла аҳәса рхыԥхьаӡара иаҳа еиҳауп ахацәа раасҭа Урыстәыла. Хаҵак аҭакԥхықәра идҵаны ҩ-ҭаацәарак ныҟәигартә, еиԥшны ибартә еиԥш ихахьы игозар, уи иақәшаҳаҭу аҳәса иқәшәозар, усҟан Ҳазшаз иҿаԥхьа агәнаҳа ыҟаӡам. Уи аԥсылман мацара иакәӡам изыхәо, ажәлар зегьы ирыхәоит сгәаанагарала.

 

Ус еиԥш иҟоу ауаа Аԥсынра еиқәшәар, иахьатәи ҳҭагылазаашьа маҷ иахәон, аха иаразнак исҳәоит уи иаҿагыло шыҟало. Аха иҟоуп уи аҩыза здызкылогьы ауаа. Сара издыруеит Аԥсны акы-ҩба ҭаацәарақәак ахацәа ҩыџьа аҳәса ахьрымоу, урҭ аԥсыуаауп, имсылманцәоуп. Ҳазшаз иҳадиҵо ԥырхага узҭо акәым, аха аҽақәыршәашьа акраҵанакуеит. Иаҳҳәап, ажәлар ирылоу аҟазшьа ҷыда агәаҭара аҭахуп, иабанӡазыҟаҵоу уи ауаа, аамҭа иақәшәома, хәыцшьала, цәаныррала ишахәаԥшуа. Аӡәгьы иудицалаӡом уи.

Аԥсны ҳхыԥхьаӡара злаҟоу ала, ихәарҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, аҳәса иаҳа ирацәоуп. Ахаҵа иакәзар, иаҳа ирмарианы иԥсҭазаара еиқәиршәоит. Ииашаны аԥхәыс ҳлазныҟәарц хыԥхьаӡарала ахаҵа дызмауа, аӡәы иеҩшара дақәшаҳаҭзар, ахаҵагьы дигозар, сгәаанагарала, лыжәлар рҟынгьы дахьчоит, рыхшарагьы избо, иныҟәазго аб дрымазаауеит. Ҩыџьа аҳәса ахьыҟоу аԥсуа ҭаацәара ҳәа зыӡбахә сҳәаз, хазы-хаз аҩнқәа, ацәгьеи-абзиеи рҟны аиҳәшьцәа реиԥш еицуп, ахшара рымоуп аҩыџьагьы.

Амала иазгәасҭар сҭахуп араҟа аҟазшьа акыр шаҵанакуа. Ҳара аиҩызцәа лафны еибаҳҳәалоит ҳаҳәса аҩны иҟоу ракәызҭгьы, аӡә дааҳгоит ҳәа раҳаны, абзиабара ду ҳа ҳахь ирымоу аҟынтәи акәымкәа, ихьымӡӷшьаны уаха ҳаныцәалак ҳмааԥшыртә иҟарҵар ауеит. Уигьы уазхәыцуазароуп, аҟазшьа гәоуҭароуп", - иҳәеит дыччо Џьуӷьелиа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0