Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы: аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ аӷа итанк шԥыржәаз

© Foto / Сырма АшубаАибашьраан аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ ақырҭуа импыҵархалаз атанк
Аибашьраан аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ ақырҭуа импыҵархалаз атанк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа еиҭеиҳәоит Кындыӷ ақыҭа уахьналало игылоу ҳаӷацәа иртәыз, аха нас ҳаибашьцәа зымпыҵахалара зылдыршаз атанк аҭоурых.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны ҭыԥцыԥхьаӡа уааҭгылан уӡырҩыр, иҟалап адгьыл цәажәозар, ашьҭыбжь алыҩны иуанаҳәо рацәазар ҟалап. Ишырацәоу еиԥш, ҳабла иаҿахәҳәагоу аибашьра иадҳәалоу аҭоурыхтә хҭысқәа. Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи ирыҭаз ааха иахьагьы ашәахсҭа мӷьаӡацт, аҭоурых иадырганы ана-ара улаԥш иҵашәоит жәларык зегь ҳлахьынҵа зыдҳәалаз амаҭәарқәа рышьҭа.

Матуаԥҳа: Аиааира амш сара сзы иҩынтә ныҳәоуп>>

Убас еиԥш, Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала иргылоу абаҟа иназааигәараны игылоуп атанк, анаҩс инахыкшәа иблу аидарамҩангагатә машьына. Урҭ  ирымоуп дара рхатә ҭоурых. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зху Кындыӷ ақыҭа ахадас иҟоу Зорик Ҷҟониа иаҳзеиҭеиҳәаз иахьа иқыҭа агәаны игылоу атанк усҟантәи аамҭазы рнапахьы ишааргаз атәи аибашьра адәаҟны изықәшәақәаз ахҭысқәа маҷымкәеи.

© Foto / из личного архива Зорика ЧконияАԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа
Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы: аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ аӷа итанк шԥыржәаз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа

Ари атанк аҩызцәа Кындыӷ хԥа-ԥшьба гылан, ари трассала иаауан. Уаанӡагьы аҷкәынцәа аминақәа ыҵаҵаны хтанкк ԥыржәахьан. Ари гранатамиотла еихсны иԥыржәеит ԥхынгәымзатәи ажәылараан. Усҟан ҳара ахырӷәӷәарҭаҿы ҳтәан, амҩаду ганк ҳгахьан, аконторақәа ахьгылаз ҳзымылбааӡеит, ҳҽынкыланы ҳтәан. Аԥшыхәра  ҟаҵаны ртехника рыманы ихалеит ҳаӷацәа. Ианхала, "Леон иорден" занашьоу Витали Ҷҟониеи Гәылик Гогьиеи, дыԥсхьеит иара рыцҳа, игәарҭеит атанк. Гәылик раԥхьа аԥшыхәцәа шаауаз ибеит, даргьы рхы ус иудырбаӡомызт аха…", - дҳацәажәон Аԥсны Афырхаҵа Зорик Ҷҟониа.

Ахәыҷи атанки - мап, ахәыҷреи аҭынчреи - ааи>>

Ацәылашамҭаз ҳаӷацәа ргәы иҭаркыз анагӡара иашьҭан, аԥшыхәра амҩа ианын. Гәылик Гогьиа иҩызцәа иреиҳәеит шьоукы шибаз, ус атанкгьы аацәырҵит.

"Атанк анцәырҵ, Мурман Харчлаа (Муха) рыцҳа, ибзианы дхысуеит рҳәан, идыркын, апехота ахысра иалгеит. Атанк иавагыланы иаауаз рацәаҩын дара. Атанк иақәгылаз апулемиот аҟынтәигьы ихысуан. Маҷк рҽанеиқәырк, Витали Ҷҟониа апулемиот ала ахысра далагеит, уи ала рызҿлымҳара игарц, нас ауп Муха атанк данеихс, иагьақәшәеит. Атанк данеихс, иаангылеит ԥхьаҟа имцо, даргьы ргәы каҳаит иаразнак. Чеченк дыҟан, "управляемый Аб-турс" иман, уигь аҭагылазаашьа ирҭан, деихсит, нас атанк амца акит, иҭазгьы ирлахьынҵахаз еилкаауп, аршьаҟауаагь иацыз шьҭахьҟа игьежьит", - атанк агара шыҟалаз ахҭыс ҳзеиҭеиҳәеит Зорик Ҷҟониа.

Абасала, агәаӷьра злаз ҳаибашьцәа ирылдыршеит бџьарлеи техникалеи еиқәшәаз хаӷацәа рышьҭахьҟа ихьаҵыртә еиԥш аҟаҵара. Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы, ирылымшашаз рылдыршеит. Ас еиԥш иҟаз афырхаҵаратә хҭысқәа, хымԥада ҳиааира ааигәартәуан. Зыӡбахә ҳамоу атанк иадҳәалоу ахҭысқәаа реиԥш, ирацәоуп иӡыргатәу, иҭҵаатәу азҵаарақәа, уи ҳара иаҳуалԥшьоуп.

© Foto / Сырма АшубаАтанк ишырблыз еиԥш игылоуп, еиҭашьақәдмыргылаӡеит, аиааира иргаз иасимволны иаанхарц
Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы: аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ аӷа итанк шԥыржәаз - Sputnik Аҧсны
Атанк ишырблыз еиԥш игылоуп, еиҭашьақәдмыргылаӡеит, аиааира иргаз иасимволны иаанхарц

"Атанк шәны иҟарҵарц рҭаххеит, аха сара измуӡеит. Атанк ҳаӷацәа ртәакәын, ҳара зныкгьы аус ҳзаламуӡеит. Атанк иназааигәаны игылоуп амшьына "Урал", аҭоурых ду амоуп уигьы", - ҳәа азгәеиҭоит аибашьҩы.

"Агәалашәара амҩала": Кындыӷ апартизантә гәыԥ аибашьцәа рфырхаҵара иазкны>> 

Аибашьра зегьы убри амашьынала акәын изланыҟәоз аибашьцәа. Дара изларҳәо ала, зныкгьы еиҵанамырхеит. 20-ҩык раҟара шақәтәазгьы, иааҳәхьан, аха разҟны аӡәгьы акагьы имыхьӡеит, зегь еиқәхеит.

"Амашьына амазут ршны иҭаҭәаны иныҟәон, нас абри амандарина злархәышәтәуа ахәшәқәа ршны иҭаҭәаны ҳаланыҟәон, аибашьра зегьы рыцҳа абри амашьына ҳныҟәнагон, ахәцәа ныҟәнагон, ҳафатә-ҳажәтә, ҳамҿы, ҳажәлар агон-иаанагон, даара аҭоурых ду ацуп уи амашьына", - иҳәеит Зорик Ҷҟониа.

© Foto / Сырма Ашуба Аибашьраан ахәцәа, аибашьцәа, афатә-ажәтә, амҿы уҳәа ныҟәызгоз, аџьабаа збаз аидарамҩангага машьына
Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы: аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ аӷа итанк шԥыржәаз - Sputnik Аҧсны
Аибашьраан ахәцәа, аибашьцәа, афатә-ажәтә, амҿы уҳәа ныҟәызгоз, аџьабаа збаз аидарамҩангага машьына

Аибашьра аамҭазы Зорик Ҷҟониа напхгара аиҭон абаталион "Дамаск", аԥшьбатәи абаталион актәи аполк акомандаҟаҵаҩыс дыҟан. Уи еиднакылон хротак: Кындыӷаа, Ҭоумышьаа, Арасаӡыхьаа. Имариамызт ҳаибашьцәа Аиааирахь иназгоз амҩа, аха дара ирылдыршеит уи фырхаҵаралаҵәҟьа анысра.

Кәыҵниа: ҳаԥсыргьы ҳанхаргьы, Аҟәаҟа ицоз амҩаду ауҳажьуамызт>>

"Зегьы ҳзықәԥоз ҳаԥсадгьыл Аиааира азааҳгарц азакәын. Ас ирласынгьы ҳақәгәыӷуамызт Аиааира агара, аха ҳаибашьцәа ирылдыршеит. Ҳара Аиааира Ахалдаба ҳаԥылеит. Дҵас иҳаман цәыббрамзазы амҩақәа кны, Аҟәа ргаанӡа ҳнапаҿы иааҳгарц. Командаҟаҵаҩыс иҳамаз Борис Кьышьмариа адҵа ҳаиҭеит, Аҟәа ргаанӡа ҳаԥсыргьы-ҳанхаргьы амҩадуқәа аанаҳкыларц. Иара Аӡҩыбжьа аштаб ҟаиҵан, убра дыҟан. Кындыӷ, Тамшь уҳәа убас инкыланы ҳаауан, ана-ара иаҳцәыргақәеит, аҵыхәтәаны Кындыӷ ҳцәыргеит, нас зегь ҳаизеит, аҷкәынцәа аус ӷәӷәаны иадырулеит, алҵшәагьы ҟалеит", - ҳәа азгәеиҭоит Ҷҟониа.

Зорик Ҷҟәаниа излаиҳәо ала, Аҟәа ҳнапахьы аагара ҳаналага, аӷацәа ирымаз зегьы ргәыдырҵо иалагеит. Ҳаҷкәынцәа хыԥсыра рбеит, атехникагьы маҷымкәа агара рылдыршеит.

"Ҳхьааи ҳгәырӷьареи еицын. Ари аҩыза Аиааира анаҳба, ҩ-фронтк еиднакылоз аҷкәынцәа ҳанеиқәшәа, уи ажәала иузымҳәозар акәхап… Ҳаҷкәынцәа рхы зқәырҵаз пату ақәҵаны иныҟәаҳгароуп, ҳаилибаакалароуп. Аԥсҭазаара мариаӡам, аха зегь раԥхьа иргыланы иҳамоуп аҭынчра, убри ҳахӡыӡаароуп, ԥхьаҟа ҳаԥшыроуп", - ҳәа азгәеиҭоит Аԥсны афырхаҵа Зорик Ҷҟониа.

Зорик Ҷҟониа иҭахуп аибашьра аҭоурых ишахәҭоу еиԥш иҭҵаазарц, зхы ӡырзымго, аха убри аан афырхаҵара аазырԥшыз ҳаибашьцәа рыӡбахә иалацәажәазарц, аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы аҽеидкылара зылзыршаз, анаҩс ахҭысқәа рҳәаақәҵара знапахьы иаазгаз ҳаҷкәынцәа хашҭра рықәымзарц, еизҳауа абиԥара аҭоурых иаша рдыруазарц.  

Аиааира амш ҳзаазгаз зегьы рҿаԥхьа ҳхырхәоит. Уи абара иахьымӡаз ргәалашәара ҳацуп. Наунагӡа Аԥсны! Наунагӡа Аиааира!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0