Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагԥҳа акциа "Гәыразыла": ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа рҿы рымҩаԥгара ҳагәҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЭсма Хагба
Эсма Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва, абҵара 2 рзы, имҩаԥысран иҟоу агәыҳалаларатә хәылԥазы иалахәхо, насгьы еизнаго аԥара ззырхахо атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа.
Ҳагԥҳа акциа "Гәыразылазы": ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа рҿы рымҩаԥгара ҳагәҭакуп

"Агәыҳалалратә акциа "Гәыразыла" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит "Каданс" аконцерт, иара убас иара иалахәуп Москва инхо ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәеи, аҟазаратә гәыԥқәеи. Абилеҭқәа рыхәԥса зегьы афонд "Ашана" иахыԥхьаӡалахоит, аԥара лзеизыргоит Мирослава Колбаиа. Агәыҳалалратә акциа "Гәыразыла" аԥшьгара хацҳаркит Москва ала, анаҩс иаҳҭахуп ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа рҿы имҩаԥаагаларц. Ирацәаҩуп акциа аҽалархәразы агәаҳәара аазырԥшыз, уи аҟнытә ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥаагалоит ари нахысгьы. Москва еиҿкаахоит, иара убас Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳагԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0