Урыстәылатәи аруаа аԥхынтәи аҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааҽазыҟаҵарақәа
аҽазыҟаҵарақәа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа аԥхынтәи рҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа иаадырԥшуеит урҭ ҩаӡара ҳаракыла ишымҩаԥгаз.

АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа аԥхынтәи аҽазыҟаҵаратә гәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари рыла ашьхаратә ҭыԥқәа рҟны 550 рҟынӡа зыҟаҵара мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аихшьаалатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигонқәа "Ҵабали" , "Гәдоуҭеи", "Нагвалоуи" рҿеиԥш Адыгатәыла, астрахантәи Волгоградтәи аобластқәа рҟны.

Апресс-маҵзура аинформациала, ауснагӡатә иалахәуп атанкқәа Т-72Б3, акәылӡтәы транспортиорқәа, акәылӡтәы машьынақәа "Рысь", аракетатә системақәа "Град", артиллериатә гаубицақәа Д-30, атанкқәа Т-72Б3, аидарамҩангагақәа КамАЗ "Мустанг" реиԥш иҟоу атехника ҷыда. Зынӡа иааидкыланы 500 рҟынӡа арратә техника.

Арратә техника ахархәаразы иаԥҵоуп 30 рҟынӡа атехникатә маҵзура апостқәа. Амаҵзурақәа мҩаԥыргоит ар иааиԥмырҟьаӡакәа иахьыҟоу аҭыԥ аҿеиԥш аполигонқәа рҿгьы.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык инарзынаԥшуа амашьынарныҟәцаҩцәа, атехникцәа, егьырҭ атехника аекипажқәа, аҟазауаа ҷыдацәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0