Ҩымз рыҩныҵҟа Аԥсны аҳәаа иахыргахьеит 47 тонна афеихо

CC0 / / Фейхоа
Фейхоа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәсазы афеихо аекспорт 11 тонна ыҟан. 2019 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рыҩныҵҟа аҳәаа иахыргахьеит 47 тонна афеихоа.

АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Ииасыз ашықәс иадкыланы иугозар, афеихо аҳәаахыгара 36 тонна рыла еиҳауп ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы астатистика аҟәша аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа.

"2019 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рыҩныҵҟа аҳәаа иахыргахьеит 47 тонна афеихо. Ииасыз ашықәс иадкыланы иугозар, афеихо аекспорт 36 тонна рыла еиҳауп. 2018 шықәсазы афеихо аекспорт 11 тонна ыҟан", - лҳәоит Кәыҵниаԥҳа.

Афеихо еиԥш аекспорттә хышәа-ҵышәа еиҳахеит ахәырмагьы. 2019 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рыҩныҵҟала атәыла иалгоуп ҩ-тоннаки 600 нызқь кьыла ахәырма. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы астатистика аҟәша аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла ари зылҵшәо аҽаҩра бзиа аҟалароуп.

Лара убасгьы иазгәалҭеит ацитрустә шәырқәагьы рекспорт асезон шхацыркхаз. Аха сынтәа ацитрусқәа рҽаҩра уаргәырӷьартә иҟам. 2019 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рыҩныҵҟала атәыла иалгоуп х-тоннак ашәыр. Ари ҩынтәны еиҵоуп 2018 шықәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны.

"2019 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп 20 нызқь тонна аҳәаа ахыгара. Ацитрусқәа рыхәԥса акәзар ҵыԥх ишыҟаз еиҳахом, 22 - 25 мааҭ иахысуам", - лҳәоит лара.

Ус шакәугьы амандаринатә сезон Ашықәс ҿыц аламҭалаз ауп ианалаго ҳәа ишьоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0