00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Софа Агәмааԥҳа ателесериал "Кухня. Война за отель" аҟны дҭырхуеит

Анапаҵаҩра
СТС акомедиатә телесериал "Кухня. Война за отель" аҩбатәи асезон ҭырхуан Шәача ақалақь, Гәбаадәы иахьаҵанакуа.

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа СТС ателеканал аҿы иҭырхуа асериал "Кухня. Война за отель" аҟны аепизодтә роль дыхәмаруеит. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭалҳәеит актриса лхаҭа.

Акомедиатә телесериал "Кухня. Война за отель" аҩбатәи асезон ҭырхуан Шәача, Гәбаадәы. Арежиссиор – Евгени Шилиакин. Агәмааԥҳа лажәақәа рыла, асериал аҿы дырҭахын аԥсуа ԥҳәыс бырг. Лара уаанӡатәи афильмқәа ирыхәаԥшны далырхит.

"Комедиатә рольуп. Сфырԥҳәызба – ақыҭа иааӡаз, ақыҭаҿ инхо ԥҳәыс быргуп. Гәызианк шлакәугьы, амцҳәарагьы лылоуп. Дгызмалуп. Лмоҭа Спартак дкыдцаланы длымоуп ԥҳәыс даага ҳәа. Амоҭашьмоҭа ибара лҭахуп", - ҳәа еиҭалҳәоит актриса.

Агәмааԥҳа лгәы иахәеит акинорежиссиорцәа актиорцәа ишрызныҟәо.

Софа Агумаа - Sputnik Аҧсны
Зҟазарыла ахәаԥшцәа хызххьоу: Софа Агәмааԥҳа 80 шықәса лхыҵит

"Аҭыхыҩцәа зегьы актиорцәа даара ибзианы ирызныҟәон. Хаҭала убриаҟара сирҽхәон, сацәыԥхашьартә аҟынӡа", - еиҭалҳәоит лара.

"Кухня. Война за отель" – урыстәылатәи комедиатә телесериалуп, ателеканал СТС иҭнахуеит. Асериал актәи асезон ҭыҵит 2019 шықәса рзы. Иара убри ашықәс азы асериал аԥхьахә "Телезвезда -2013", анашьахеит. Ашьҭахь "ТЭФИ-2014" аноминациа "Ситком" аҿы аԥхьахә иаԥсахеит.

Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа дахьҭырхыз асериа ԥхынҷкәынмзазы аекранқәа рахь ицәырҵуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0