Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Софа Агәмааԥҳа: насыԥ сымоуп сыжәлар рныҳәаԥхьыӡ ахьсыцу

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция молодежного театра
Пресс-конференция молодежного театра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа лиира амш аҽны арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит лыуаажәлар рыбзиабара иабзоураны насыԥ змоу уаҩны лхы шылԥхьаӡо.
Агәмааԥҳа: насыԥ сымоуп сыжәлар рныҳәаԥхьыӡ ахьсыцу

"Насыԥ сымоуп ҳәа еиҳарак изласыԥхьаӡо ахәаԥшцәа рымчала ауп. Имаҷымкәа скыдҟьахьеит, аха ахәаԥшцәа рымчала еиҳагьы сышьҭыҵуеит. Уи аиашазы иџьасшьоит. Аус злоу ажәлар роуп. Аԥсуаа ҳҟны асаби даниуа ус рҳәоит: "Умшыз, ажәлар урылымҵааит!" ҳәа. Ажәлар рҟны смыӡӡеит, сықәҿиарақәа зыбзоуроугьы дара роуп. Насыԥ сымоуп, избанзар  ажәлар рныҳәаԥхьыӡ сыцуп. Анцәеи ажәлари иреиҳау ыҟаӡам, урҭ рымчала иагьа ԥынгыла ыҟазаргьы уриааиуеит", -ҳәа азгәалҭеит Агәмааԥҳа.

Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа лиубилеи аҳаҭыр азы Аҟәа асааҭ 16 рзы иаатуеит афотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Иара убас аҭааҩцәа авидеонҵамҭаҟны ирбар рылшоит актриса дахьыхәмаруаз аспектакльқәа рцыԥҵәахақәеи лыҿцәажәарақәеи. Ас еиԥш ауснагӡатә еиҿнакаауеит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0