Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз рбаҟа аадыртит

© Предоставлено: пресс-служба Дома МосквыԤсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз рбаҟа аадыртит
Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз рбаҟа аадыртит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьха қыҭа Ԥсҳәы ада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан анемец фашистцәа рнапаҿы Аԥсны иахьаҵанакуа даҽа ҭыԥк аагара рылымшеит.

АҞӘА, жьҭаара 28– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥсҳәы ақыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз аибашьҩы ибаҟа аадыртит жьҭаара 27 рзы ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит жәларбжьаратәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" апресс-маҵзураҿы.

Нанҳәа 27, 1942 шықәса рзы Ԥсҳәы иалалеит ашьхахысыҩцәа рдивизиа "Эдельвейс". Дара ирыгәҭакын Аҟәеи Гәдоуҭеи рнапахьы раагара, аха жәамш иреиҳаны ара рыҽрызнымкылеит. Ар ҟаԥшь ари аҭыԥ иахырцеит. 1963 шықәса рзы иҭахаз аибашьцәа аиашьаратә ԥсыжырҭаҿ рыԥсыбаҩқәа анышә иамадан.

"2016 шықәса рзы ара сыҟазаараан схазы исыӡбеит абаҟа еиҭашьақәсыргылоит ҳәа. Даара сеигәырӷьоит иахьа абаҟа ҿыцӡа иахьгылоу", - лҳәоит жәларбжьаратәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" адиректор Зоиа Баутина.

Аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган Москва ақалақь Адәныҟаекономикатә еимадарақәа рдепартамент ацхыраарала жәларбжьаратәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" алархәны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0