Арҭ амшқәа рзы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭаҟны амастер-классқәа мҩаԥыргоит Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә аҟазаратә институт арҵаҩцәеи астудентцәеи.
"Нхыҵ- Кавказтәи иреиҳау аҟазара аҵараиурҭа аҟынтә иаҳҭааз ҳасасцәа акәашара акафедра арҵаҩцәа роуп. Хәышықәса-фышықәса раԥхьа иаҳзаахьан жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рырҵаҩцәа. Дара иаҳа амырзакан ауп рхы иадырхәо, ҳара ҳҟны аҵараиурҭақәа рҿы уиаҟара ахархәара амам. Иара убас иаҳҭаахьан ҳаԥхьарца еиԥшны ирымоу арахәыцтә инструмент азырҳәо агәыԥ. Ахореографиатә кафедра арҵаҩцәа ракәзар, сынтәа раԥхьатәи раара акәын. Дара фҩык ыҟоу, аҵаҩцәа рыцуп, агәыԥ зегьы 22-ҩык ыҟоуп. Ас еиԥш аиԥыларақәа алҵшәа бзиа змоу роуп. Иҟоуп ҳашьцәа ирҿаҳҵаауа, иаҳҳәап, аамсҭашәала акәашара. Иаҳдырбеит рыкәашашьа атехника. Ҳара ҳхәыҷқәагьы рхы аадырԥшит. Дара иргәаԥхеит аклассикатә шьаҭа аҭаны Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Анри Ферзба иқәиргылаз жәлар рыкәашарақәа. Даргьы урҭ араантәи иргарц рыӡбеит. Ҳаибадыррақәа, жәытә аахыижьҭеи ҳабдуцәа иҳабжьарҵаз аешьаратә мҩахәасҭақәа еинылаӡом абас ҳаиҭанаиааилар. Ҳхәыҷқәеи дареи еилаҵәеит, шаҟа уеибабо аҟара агәыбылрагьы ҟалоит", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҩӡԥҳа: ахәыҷы жәлар рмузыка агәыбылра аник, ҩнуҵҟала дарбеиуеит
-
Чамагәуаԥҳа: Оҭар Хәынҵариа жәлар рмузыка аиқәырхара хьаас иман