Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахсалԥҳа Амшын Еиқәа аҟьашьразы: егьырҭ атәылақәа рҟынтә аӡқәа иаарго маҷым

© Sputnik / Томас ТхайцукАсида Ахсалба
Асида Ахсалба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын Еиқәа аекологиатә ҭагылазаашьеи, Аԥсны иахьаҵанакуа амшынӡа иахьынӡацқьо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афизика-математикатә наукақәа ркандидат, Аԥсны аекологиатә институт аузуҩ Асида Ахсалԥҳа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа Амшын Еиқәа аекологиатә ҭагылазаашьа иазкны

Жьҭаара 31 рзы иазгәарҭоит Амшын Еиқәа амш. 

"Амшын Еиқәа аҿы аекологиатә проблемақәа иҟоу маҷӡам, еиҳарак иаабо ҳара, ауаҩы иԥсҭазараҿы ихы иаирхәо, еиуеиԥшым ахимиатә компонентқәа рыла ибеиоу ахархәагақәа роуп. Дара аӡы иалаланы амшын ахь ицоит. Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ишацло еиԥш, есышықәса урҭ рхы иадырхәо ахимиатә маҭәашьарқәагьы ирыцлоит. Уи аҟынтә аӡы ахимиатә еилазаашьагьы акырӡа иҳаракхеит. Аԥсны амшын аҟәара иахьаҵанакуа егьырҭ атәылақәеи иареи еиҿуарԥшуазар, иаҳа ицқьоуп, избанзар, ааглыхратә аобектқәа ыҟаӡам, иҟоугьы маҷуп, урҭ русурагьы ҭҵаауп аекологиатә институт аҵарауаа рыла. Аха егьырҭ ақалақьқәа рҟынтә аӡқәа иаанагогьы маҷӡам, уи амшын еикәшара иҟанаҵо анырра иахҟьаны. Ҳара имҩаԥааго азгәаҭарақәа рыла убри иаҳа хадара аманы иҳаԥхьаӡоит", - ҳәа азгәалҭеит Ахсалба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0