Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа рхыбрахь иахьыхынҳәыз иеигәырӷьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абылра ашьҭахь Аҟәа аҩбатәи абжьаратә школ аҟны аҵара хацыркуп. Ашкол аҟны дыҟан Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба. Иара арадио аефир аҟны еиҭеиҳәеит уа аҭагылазаашьа зеиԥшроу иахьазы.

Лаҵарамза ҩба, 2019 шықәсазы Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә ашкол амца акит, ахыб зегьы блит. Амцарцәараан аԥхасҭа роуит  акабинетқәеи арҵаратә классқәеи.

Аҩӡба: Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа рхыбрахь иахьыхынҳәыз иеигәырӷьоит

"Аҵара иалагеит, аха аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшаӡам, ашкол агәҭантәи ахәҭа макьана еиҭашьақәыргылаӡам. Ашкол ҩ-корпуск рышәқәа аадыртит, 41 класс  рҟны ахәыҷқәа аҵара рҵоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьхыркәшам азы аурокқәа шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа имҩаԥыслоит, аамҭа-аамҭала рҽеихшаны. Аргылаҩцәа иақәдыргәыӷуеит аусурақәа зегьы ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахап ҳәа. Ашәарҭадара азҵаара атәы ҳҳәозар, аҵара ахьымҩаԥысуеи аргылаҩцәа аус ахьыруеи аиҭанеиааира ыҟаӡам, ашәқәа аркуп", - иҳәеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0