Гал араион аҿы абжьарашәышықәсатә бааш рбеит

© SputnikХьацҳа ақыҭан археологиатә ԥшаарақәа
Хьацҳа ақыҭан археологиатә ԥшаарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Археологцәа Гал араион имҩаԥыргоз експедициа аан абжьарашәышықәсатә бааш рбеит. Ари аҭыԥ аҿы асовет аамҭақәа раан ацитрустә нхамҩа аус ауан.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара знапы алаку археологцәа Гал араион Хьацҳа ақыҭан абжьарашәышықәсатә бааш рбеит.

"Иԥшаау аҭоурыхтә артефактқәа рыла заанаҵы иуҳәар ауеит абааш VII-XIV ашәышықәсақәа ирыҵаркуеит ҳәа. Еицырдыруа аҭоурыхтә ҭыԥқәа: Анаҟәаԥиатәи абааш, Ҵабалтәи абааш уҳәа ирываҟәало иҟоуп", - иҳәоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии Ахьӡ-аԥша амузеии русзуҩ Дмитри Счастныи.

Хьацҳа ирбаз абааш аҭоурыхдырыҩ, атәылаҿацәҭҵааҩ Иосиф Аӡынба ишәҟәы "Аԥсны архитектуратә баҟақәа" аҟны аӡбахә ҳәоуп. Ашәҟәы ҭыжьын 1958 шықәса рзы. Иосиф Аӡынба ишәҟәаҿы ари абааш "Куатаниа-Сурки" ҳәа дашьҭоуп.

© SputnikГал араион Хьацҳа ақыҭан иахьаҵанакуа археологцәа ирыԥшааз абжьарашәышықәсатәи абааш
Гал араион аҿы абжьарашәышықәсатә бааш рбеит - Sputnik Аҧсны
Гал араион Хьацҳа ақыҭан иахьаҵанакуа археологцәа ирыԥшааз абжьарашәышықәсатәи абааш

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь археологиатә ҭҵаарақәа ари араион аҿы имҩаԥымсыцызт. Асовет аамҭақәа раан Қырҭтәыла аполитика Гал араион аҿы аԥсуа ҵарауаа ажра-ԥшааратә усурақәа мҩаԥыргар руамызт. Уи адагьы аҭоурыхтә обиектқәа рықәгара рҽазыршәон.

"Ҳара археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥаагоит ҳәа ҳааит. Аԥсуа Баагәара ду абаа хыжәжәарақәа ҩба еимаздо 300 метра иҟоу аҭӡы ацәынхаҿы ажрақәа мҩаԥаагон. Аҭыԥантәи ауааԥсыра иҳарҭаз аинформациеи Иосиф Аӡынба иҩымҭақәеи рыла ҳара еилҳаргеит ҳзыхҭыгәлаз аобиект абжьарашәышықәсатә обиект Куатаниа-Сурки шакәыз. GPS навигатор ала иаанханы иҟоу абааш ацәынхақәа зегьы ахьыҟоу шьақәҳаргылеит", - иҳәоит Дмитри Счастныи.

© SputnikАбааш Куатаниа-Сурки асхема
Гал араион аҿы абжьарашәышықәсатә бааш рбеит - Sputnik Аҧсны
Абааш Куатаниа-Сурки асхема

Абааш аҵакыра 3,5 гектар рҟынӡа ыҟоуп.

"Абааш акәша-мыкәша аиланхарҭа шыҟаз азыԥхьагәаҭаны, иааидкыланы аҵакыра 20 гектар рҟынӡа инаӡоит", - иҳәеит Счастныи.

Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Иналиԥа хаҭала ажрақәа иахьырҿыз аҭыԥ даҭааит. Иара игәаанагарала, археологиатә усурақәа хымԥада ирыцҵатәуп, уи адагьы абаҟа акультуратә ҭыԥ ҷыда астатус аҭатәуп.

© SputnikХьацҳа археологиатә ԥшаарақәа раан иаарԥшыз амаҭәарқәа
Гал араион аҿы абжьарашәышықәсатә бааш рбеит - Sputnik Аҧсны
Хьацҳа археологиатә ԥшаарақәа раан иаарԥшыз амаҭәарқәа

Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Шандор Ҟаитан инапхгарала аус зуа археологцәа азыхиоуп ԥхьаҟагьы аусурақәа рымҩаԥгара. Аха арҭ аусурақәа аԥаразоужьра рҭахуп. Уи макьаназы иҟам.

© Sputnik / Василий Никулин Хьацҳа ақыҭан иԥшааз ажәытә ҳаԥшьақәа
Гал араион аҿы абжьарашәышықәсатә бааш рбеит - Sputnik Аҧсны
Хьацҳа ақыҭан иԥшааз ажәытә ҳаԥшьақәа

Хьацҳа иахьаҵанакуа археологиатә жрақәа хыркәшоуп, иԥшаауп ажәытә ԥсыжырҭа, аҳаԥшьақәа, акыцтә еирыӡқәа, аметаллыхқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0