Игор Адлеиба иқәгыларазы: оумакала иуадаҩын

© Foto / из личного архива Игоря АдлейбаИгор Адлеиба
Игор Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Екатеринбург, Аиндаҭларақәа ракадемиаҿ абҵара 2 рзы имҩаԥысит аԥснытәи абоксиор Игор Адлеиба дызлахәыз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз.

АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсуа боксиор Игор Адлеиба WBO аверсиала адунеи ачемпион ититул азы иқәгылара ашьҭахь Facebook ала идгылаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иқәгыларагьы ахҳәаа аиҭеит.

"Идуӡӡан иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп сара сзы згәы ҭынчмыз, исыдгылоз зегьы. Уи сара исныруан. Ари ҳара ҳзеиԥш иааироуп. Аԥсны апрофессионалтә бокс аҿиаразгьы иалшо рацәоуп", - иҳәеит Адлеиба.

Аиндаҭлараз Игор Адлеиба "оумакала иуадаҩын" ҳәа ахиҳәааит.

Аԥсуа боксиор Игор Адлеиба аҿар рыбжьара WBO аверсиала адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ игеит. Иара диндаҭлон Венесуелатәи абоксиор Едди Кольменарес.

Игор Адлеиба – Аԥсны изныкымкәа дачемпионхахьеит, абокс азы Урыстәыла имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнирқәа дырчемпионуп, кикбоксинг (фул контакт) азы Адунеи ахраҿа ианашьоуп.

Жәларбжьаратәи абокс азы аиҿкаара (World Boxing Organization WBO) – апрофессионалтә бокс аиҿкаарақәа ԥшьба инарылукаауа еиҿкаароуп.

2007 шықәса раахыс WBO амаҟа WBA, WBC, IBF инарываргыланы адунеи ачемпион изы ихымԥадатәиу статусуп ҳәа ишьоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0