Аԥсны АҶА жәамз рыҩныҵҟа ԥшьнызқь рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь инеиит

© SputnikМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа радио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо аусбарҭа 2019 шықәса азтәи аусура атәы далацәажәеит.

АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа 2019 шықәса жәамз рыҩныҵҟа 3700 –нтә арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь инеиит ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз.

"Арахь иаҵанакуеит амцакрақәа, ашьхараҿы арыцҳарақәа, аӡаҿы амашәырқәа уҳәа убас егьырҭгьы. Убри аан иазгәаҭатәуп есышықәса амашәырқәа рхыԥхьаӡара ишацло", - иҳәеит аминистр.

Асеиԥш аҭагылазаашьа еиҳарак изыдҳәало атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи рхыԥхьаӡара аизҳареи ареспубликаҿы аргыларатә усурақәа реизҳареи роуп ҳәа иҳәеит Кәыҵниа.

"Ҳара атуристцәа рахь еснагь аҳәара ҟаҳҵоит амҩа ианықәло ашәҟәы рыҽҭаргалаларц, рмаршрутқәа аадыруазарц. Ари акрызҵазкуа усуп. Бааԥсрак ҟалар еиҳа ҳхы шымҩаԥаагаша, ҳахьеимдаша аадыруеит. Аамҭагьы ҳцәыӡуам, ҳусурагьы алҵшәа аиуеит", - иҳәоит иара.

Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниа: АҶА аҩныҵҟа амедицинатә усбарҭа арӷәӷәара ихадоу хырхырҭаны иалаҳкаауеит

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит АҶА аҿы иаԥырҵараны ишыҟоу амедицинатә усбарҭа.

"Иҳамоу аԥышәа иаҳнарбеит, Аԥсны иналганы амедицинатә цхыраара аиуразы Урыстәылаҟа игатәхо рацәахеит, убри аҟнытә абри ахырхарҭа арӷәӷәара ҳаҿуп. Иҳамоу аверталиот цхыраагӡа духеит. Ҳус арманшәалоит ашьхараҿы, амшын аҿы, зҭагылазаашьа хьанҭоу ацхыраара ирлас еиқәырхаразы. Шәача ақалақьи ҳареи аицәажәара ҳамоуп, амашәыр иақәшәаз ауаҩы машьынала уаанӡа ианнаҳгалак дара ирыдыркылоит настәи аус дара рнапаҿы иҟоуп. Ацхыраара лас амашьынақәа ҩба Аҟәа ақалақь аҿы аус руеит. Руакы ачымазаҩ бааԥсы изы зыда ԥсыхәа змамкәа иҟоу амаругақәа зегьы рыла еиқәыршәаны, ачымазаҩцәа Аԥсны анҭыҵ ргаразы уи иадҵаалоу зегьы ацхыраа раҳҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Лев Кәыҵниа иара убасгьы иҳәеит аминистрреи Шәача ақалақь ахадареи реиқәшаҳаҭрала Аԥсны ааха зауз уатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рахь рнагара шалыршо.

Ажәабжьқәа зегьы
0