Ацҳа ҟаԥшь, амшын аԥшаҳәа, аџьармыкьа хада, Ажәытә ҳабла, Аҳабла ҿыц абарҭ аҭыԥқәа дырҭааит ари амчыбжь азы, иагу иабзоу гәеиҭеит, анхаҩцәа дрыҿцәажәеит Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа.
"Азҵаарақәа рацәоуп, зегьы зныкала иҳаӡбоит ҳәа ауаа ржьара ҳалагар иашаӡам. Дарбанзаалак иҩны аԥхьа ҳнеины зехьынџьара иаҳзыԥссаӡом. Хәыҷык иҳацхраароуп, досу ихы дацхраароуп. Уи аганахьала ауаа рацәажәара аҭахуп. Иҟаҵатәу аусқәа рацәоуп, азҵаарақәа ҳаидтәаланы иҳаӡбалап, иахьынӡалшо ҳаицхыраап", - иҳәеит Кәарҷиа.