АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Амобилтә ҭелқәа рҭыжьразы анаплакы аартразы апроект аларҵәара хықәкыс иҟаҵаны Китаитәи аделегациа Аԥсны иҷыдоу зых иақәиҭу аекономикатә зона аԥҵара атәы иалацәажәеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы аҟны аиԥылараан. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа асаит.
Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәан атәылақәа рыҩба рыбжьара аусеицура иаҵанакуа еиуеиԥшым азҵаарақәа.
"Китаитәи аделегациа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аелектромобилқәа ҭзыжьуа анаплакы аргылара шырҭаху. Аелектромобилқәа атәыла аҩнуҵҟеиԥш, анҭыҵгьы рыҭира алшоит", - ҳәа азгәаҭоуп аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура аҳәамҭаҿы.
Аиԥылара далахәын Владимир Литвинчук – Урыстәыла Приволжтәи афедералтә округ аҟны Аԥсны ҳаҭыр зқәу аконсул.
Абҵара 12 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Китаитәи Жәлар рреспублика аделегациа идикылеит. Аделегациа иалахәын Китаи-Азиатәи аекономикатә ҿиара Ассоциациа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Лиу Иа Джуни ШаньДжи аофис адиректор, афирма China Unicom анџьныр хада Лонг Веибои. Аиԥылара далахәын Аԥсны Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит аԥсуа ган ҩ-ганктәи аусеицура аинтерес ду шазаҵоу.
Аԥсны Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иакәзар, иазгәеиҭеит атәыла аекономикатә политика аинвесторцәа рзи адиалог ази ишаарту. Иара агәыӷра ааирԥшит Китаитәи Жәлар рреспублика аделегациа Аԥсны рыҟазаара алҵшәа бзиақәа аанарԥшып ҳәа.
Аиԥылараан ирылацәажәан аԥыжәара зманы ирыԥхьаӡо апроектқәа.
Аиԥылара аԥхарра аҵаны имҩаԥысит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Китаиаа ААУ аҟны ацентр аартра рыгәҭакуп