"Валдай" ахырхарҭа аԥсахит: адунеи аҿиара ацентр Мраҭашәарантәи Мрагылараҟа ииасуеит

Анапаҵаҩра
Самарканд имҩаԥысит Валдаитәи аклуб X Азиатәи аконференциа "Агәҭантәи Азиеи Евразиеи: аглобалтә еилаҩынтра ааԥхьарақәа раан ганрацәалатәи аусеицура" атемала

Самарканд ихыркәшахеит ҩымш имҩаԥысуаз Валдаитәи аклуб X Азиатәи аконференциа. Урыстәылеи, Европеи, Асовет Еидгыла иаҵанакуаз аҳәынҭқаррақәеи рзы ари аексперттә клуб хра аманы иҟоуп. "Валдай" алахәылацәа иазгәарҭеит атәылақәа рҳәаақәа иҭыҵны аинтеграциа рхы шаздырхо, адунеи аҿиара ацентр Мраҭашәарантәи Мрагылараҟа ииасуа иалагеит. Арҭ амшқәа рзы Усбекисҭан жәеиза ҳәынҭқарра рҟнытә аекспертцәа злацәажәоз Валдаитәи аклуб аҿиаразы мҩақәас ирбо атәы шәахәаԥш авидеонҵамҭаҿ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0