Аԥснытәи абнақәа рбылра иахҟьаны Шәача иахьаҵанакуа алҩақ хылеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи абнақәа рбылра иахҟьаны Шәача иахьаҵанакуа алҩақ хылеит
Аԥснытәи абнақәа рбылра иахҟьаны Шәача иахьаҵанакуа алҩақ хылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьхарақәа рҿы иҟоу амцакра анырра ҟанаҵеит Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Афон ҿыц ақалақьқәа рҿгьы.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Аԥснытәи абнақәа рбылра иахҟьаны Шәача, Адлертәи араион иахьаҵанакуа алҩақ хылеит, ҳәа ааицҳауеит ақалақь ахада Алексеи Копаигородски.

Самолет-амфибия бе-200 - Sputnik Аҧсны
Ақалақьқәа рҟны алҩа: амца арцәара иаҿуп

"Адлертәи араион ахь Аԥсны аҵакыраҟынтә аԥша алҩафҩы нанагоит", - аҳәоит ақалақь ахадара асаит аҿы ахада иажәақәа ааго.

Лазаревсктәи араион аҿгьы алҩа афҩы рныруеит. Уаҟагьы абнараҿы иҟоуп амца зку аҭыԥқәа. Уа амцарцәара рнапы алакуп 244-ҩык ауааԥсыра. Ахархәара амоуп авиациа.

"Амцарцәара мҩаԥнагоит авертолет Ми-8. Амцарцәара рнапы алакуп 244-ҩык ауааԥсыра. Дара реиҳараҩык Урыстәыла АҶА аусзуҩцәа роуп. Амцарцәараҿ ацхыраара руеит абнахьшьцәа, аказақтә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, хатәгәаԥхаралатәи амцарцәаратә дружинақәа. Иаҭаххозар ҳәа ихианы игылоуп аҳаирплан Бе-200", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Асиноптикцәа ринформациала арегион аҿы амза нҵәаанӡа амшцәгьа ҟалап ҳәа азгәаҭам.

Аԥсны абнара амца акуп 7-11 гектар иахьрыҵаркуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0