АҞӘА, абҵара 19– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Абҵара 19 рзы амца ахьаку аҭыԥқәа 50% рҟынӡа идырцәахьеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Урыстәыла АҶА иатәу авертолиот Ми-8-и аҳаирплан Бе-200-и 54-нтә ишьҭыԥраахьеит амцакра ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь ҳәа азгәеиҭоит аминистр.
Кәыҵниа иажәақәа рыла Ԥсҳәы иахьаҵанакуа амцарцәара иаԥырхагоуп алҩа ақәчреи абаратә лшара алаҟәреи.
"Аӡы амшын иҭаагоит. Иҟаҵо рацәоуп, сгәы иаанагоит иахьа-уаҵәы алҩа ықәҵып ҳәа. Амца инагӡаны ирцәоуп ҳәа аҳәара макьаназ изаацәоуп", - иҳәоит аминистр.
Амца зку аҭыԥқәа рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит. Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8, иара ишьҭыԥрааит 45-нтә. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200.
Амца ахыҵхырҭақәа аҭыԥ рымоуп Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гагра ирыԥну ашьхарақәа рҿы. Урыстәылаа ирыцхраауеит аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.
Ашьхараҿ абна амца шакыз гәаҭан абҵара 10 рзы. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан абри ашьҭахь. Анаҩсан, АҶА адырра ҟарҵеит Урыстәыла АҶА ахь ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ажәҩан, аҳаирплан-амфибиа: амцарцәара ишаҿу
-
Аԥснытәи абнақәа рбылра иахҟьаны Шәача иахьаҵанакуа алҩақ хылеит