00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Аицәажәара
Аиааира амш аҳаҭыр азы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа: Мықә ахада иҿцәажәара
13:43
3 мин
Аицәажәара
Аиааира амш азгәаҭара: Аҟәа аҵараусбарҭа ахаҭарнак лыҿцәажара
13:46
13 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Турбаза
Классификации и единый реестр отелей: эксперт о поручениях президента Абхазии
14:18
5 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Совет по межнациональным и межконфессиональным отношениям при президенте создан в Абхазии
14:44
3 мин
Актуальный комментарий
Фестиваль абхазской культуры "Апсны" пройдет в Москве в пятый раз
14:47
11 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Амцарцәаразы Урыстәыла АҶА авиациа ауснагӡатәқәа ирыцнаҵоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмцарцәара
Амцарцәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 10 рзы игәаҭаз Аԥсны абнара амцакрақәа рахьтә абҵара 19 рзы 50% рҟынӡа ирцәоуп. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәеи Урыстәыла АҶА авиациа ҷыдеи ареспублика ашьхарақәа иахьрыԥну амцарцәара иаҿуп.

АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҩашаҽны авертолиот Ми-8 Гагра араион аҿы аус ауан, аҳаирплан Бе-200 – Кәыдрытәи аҩхаа Ҵабал ақыҭа иахьаҵанакуа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

"Иацы Кәыдрытәи аҩхааҿ амца ҳарцәеит. Ҵабал ақыҭаҿ ҭыԥқәак аанхеит, аха урҭ иахьала ирцәахоит", - иҳәеит Гындиа.

АҶА апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит Ҵабал амца андырцәалак ашьҭахь Ми-8 Аҟәа араион ахь амцарцәаразы инеиуеит ҳәа.

Бе-200 - Sputnik Аҧсны
"Амфибиа" Кәыдрытәи аҩхааҿы амца арцәеит

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа. Урҭ рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан. Аԥсны АҶА Урыстәыла АҶА ахь адырра ҟарҵеит ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8, иара шьҭыԥрааит 45-нтә. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200. Урыстәылаа ирыцхраауеит аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0