"Амфибиа" Кәыдрытәи аҩхааҿы амца арцәеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБе-200
Бе-200 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәеи Урыстәыла АҶА авиациа ҷыдеи ареспублика ашьхарақәа иахьрыԥну амцарцәара иаҿуп.

АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Урыстәыла АҶА аҳаирплан Бе-200 Кәыдрытәи аҩхааҿы амца арцәеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Аҩашаҽны авертолиот Ми-8 Гагра араион аҿы аус ауан, аҳаирплан Бе-200 – Кәыдрытәи аҩхааҿы.

Гагра араион аҿы аҳауаҟынтәи аиԥш адгьыл аҿгьы амцарцәара мҩаԥыргон.

Аԥсны АҶА аминистр иажәақәа рыла амцакра ҭыԥқәа рыбжеиҳара ырцәоуп.

Амца зку аҭыԥқәа рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит. Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8, иара шьҭыԥрааит 45-нтә. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200.

Амца ахыҵхырҭақәа аҭыԥ рымоуп Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гагра ирыԥну ашьхарақәа рҿы. Урыстәылаа ирыцхраауеит аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Ашьхараҿ абна амца шакыз гәаҭан абҵара 10 рзы. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан абри ашьҭахь. Анаҩсан, АҶА адырра ҟарҵеит Урыстәыла АҶА ахь ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0