Хра злоу ахҭысқәа: Гындиа Аԥсны амцакра иазкны
"Ҳара ҳганахь ала аус руан 20 рҟынӡа аиқәырхаҩцәа. Иҟан амшқәа аҳаирпланқәа амшын аҟнытә аӡы анырзымгоз, усҟан ҳара амашьынақәа рыла ирызнаҳгон. Асоциалтә даҟьақәа рҿы иаабон ҳусбарҭа аус амуӡеит ҳәа ахьырыҩуаз, аха уи ус акәым. Ҳара иахьынӡаҳалшоз амца ҳазааигәаны иҳарцәон, аха иахьшәарҭаз иаҳзынашьҭуамызт, амашьынақәа рнеира ахьалыршаз аус аауан, аха ус еиԥш аҭыԥқәа маҷын. Хшыҩзышьҭра зыумҭар алшо иахылҿиаауеит арыцҳара ду. Ашьхацара иамоуп ахатә ԥҟарақәа, урҭ ирықәныҟәалатәуп. Уажәы ашәарыцара иаамҭоуп, аҳәара ҟаҳҵоит ҳауаажәлар еиқәырҵо амца хылаԥшрада иаанырмыжьларц, аԥсабара еиҷаҳаларц", - ҳәа иҳәеит Гындиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: