Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа: акамшьиа бзиан иҟалар, ззин ыҟоу еиҳаны иаҳкыр ҳалшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2019-2010 шықәса рзы акамшьиа акразы ззин иҟоу аԥҟара атәы.
Ҷытанаа: акамшьиа бзиан иҟалар, ззин ыҟоу аиҳагьы еиҳаны иаҳкыр ҳалшоит

"120 нызықь тонн акамшьиа амшын иамоуп, акразы азин иҟоуп 40 нызықь тонн, аха акразы абжьгара ыҟоуп 35 нызықь тонн, уи ахыԥхьаӡара ақыҭанхамҩатә еилакы Аԥсны аԥсыӡкратә зауадқәа рыгәҭа иршоит. Аԥсыӡ ибзианы ианыҟала 35 аҟнытә 40 рҟынӡа ихаҳгалартә еиԥш азин ыҟоуп, уи ҳнапы иануп, амшын аҿы аԥсыӡ зеиԥшроу еилкааны", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.            

Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы еиҭеиҳәеит ҳтәыла амшынҳәааҿы ику аԥсыӡ ахыԥхьаӡара шеилкаахо атәы.   

"Иахәҭоу аԥсыӡ шаҳкыз еилаҳкаауеит аӷбақәа рҿы ирымоу ажурналқәа рыла. Уа ианырҵоит есҽны сааҭк заҟа ркыз, аҵыхәтәаны аԥсыӡкра аамҭа анеилгалак ажурнал иаҳнаҭаз арбагақәа рыла анализ ҟаҳҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0