Sputnik ииасыз амчыбжь: еиҳа иналукааша ахҭысқәа

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳаирплан-амфибиа Бе-200
Аҳаирплан-амфибиа Бе-200 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны имҩаԥнагоит амчыбжь азы иналукаашаз ахҭысқәа есымчыбжьатәи реидкыла. Аԥсны, абҵара 18-24 рзы еиҳа азхьаԥшра зҭахаз ахҭысқәа Sputnik аҿы.

Ашьхақәа рҟны амцакра, Аминистрцәа реилазаара ҿыц раԥхьатәи аилатәара, Апарламент абиуџьет шаднакылаз, Аҟәа ақалақь агәҭа ахысрақәа уҳәа ҳазҭысыз амчыбжь азы ирацәан еиуеиԥшым ажәабжьқәа.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Амчыбжь алагеит амцарцәара иазкыз ажәабжьқәа рыла

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа. Урҭ рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит.

Амца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан - Sputnik Аҧсны
Амца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан

Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан. Аԥсны АҶА Урыстәыла АҶА ахь адырра ҟарҵеит ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200. Урыстәылаа ирыцхраауан аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа рзы апроектқәа

Абҵара 21 рзы Аԥсны Апарламент аҿы ирыхәаԥшын абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа рзы апроектқәа. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ирыдыркылеит актәи аԥхьарала абиуџьетнҭыҵтә фондқәа фба рбиуџьетқәа рзы апроектқәа.

Актәи аԥхьарала ирыдкылан Атәанчахәытә фонд абиуџьет. 2020 шықәса рзы иара иартәоит миллиардки 42 миллиони 734 нызқь мааҭ.

Сынтәа афонд аныхрақәа 12 миллион рыла ирызҳаит. Аныхрақәа рзырхоуп асоциалтә политикеи атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәареи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи рфонд 2020 шықәса рзы иартәоит 128 миллион 337 нызқьмааҭ. Афонд ахашәалахәқәа ишьақәдыртәоит 82 миллион мааҭ, ахарџьқәа - 90 миллион мааҭ. 2020 абиуџьет афонд ӡырнагеит Аԥсны ихымԥадатәиу аԥгаԥсатә фонд. Афонд аныхрақәеи ахашәалақәеи идыртәоит 42 миллион 221 нызқь мааҭ.

Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд 2020 шықәса рзы ахашәалақәеи аныхрақәеи идыртәоит 109 миллион 434 нызқь мааҭ.

Арепатриациаз Афонд анагӡаратә директор Енвер Чамагәуа иҳәеит 2020 шықәса рзы афонд абиуџьет ишартәо 156 миллион 246 нызқь мааҭ.

Аԥсны ахада идҵала Аминистрцәа Реилазаара иалагалаз аиҭакрақәа рышьҭахь актәи аилатәара мҩаԥысит ахаша абҵара 20 рзы.

Ҿыц иалху аиҳабыра реилазаара актәи аилатәара мҩаԥнагеит

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба абҵара 20 рзы имҩаԥысуаз Аиҳабыра реилатәара далахәын. Иара абжьгарақәеи амҩақәҵагажәеи злаз ажәахә ҟаиҵеит.

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба аиҳабыра реилатәараҟны абжьгаратә ажәахә ҟаиҵеит

Ҳаџьымба аиҳабыра реилазаара ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

"Ҳҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа ирхаданы иҟоуп ҳҳәынҭқарра аиқәырхара азҵаара. Дарбанызаалакгьы ишәуалуп абри азы ишәылшо аҟаҵара. Иҟаҵоу рацәоуп, аха иҟаҵам еиҳагьы еиҳауп", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Аԥсны адәахьынтә афинанстә цхыраара шаиуагьы, ахатәы мчқәа рырҿиара шхымԥадатәиу.

Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 28 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аминистрцәа Реилазаара ҿыц ашьақәырӷәӷәаразы. Иара адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 15 процент рыла аоптимизациа азухарц азы. Абри аус ҿҳәарас иамоуп 2020 шықәса ажьырныҳәа 1.

"Энергетик" 60 миллион мааҭ ҳәа ирҭиуеит

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҳәынҭқарратә обиектқәа ахатәтәрахьы иаҵанакуа аобиектқәа рахь риагаразы ақәҵарақәа ирыхәаԥшит аԥшьаша, абҵара 21 рзы.

Аԥсны Апарламент иаднакылеит "Гагратәи апансионат "Энергетик" ахатәтәратә обиектқәа реиқәыԥхьаӡахь аҵаркразы" ақәҵара актәи аԥхьарала абҵара 21 рзы.

Пансионат Энергетик - Sputnik Аҧсны
Гагратәи апансионат "Энергетик" аконкурс ала ахатәтәрахьы ииаргоит

Ақәҵара апроект адепутатцәа ирыдигалеит адепутат Александр Ҵышәба. Иара иазгәеиҭеит аобиект априватизациа азуп аконкурстә шьаҭа аманы ҳәа.

"Энергетик" – ахышәа-ҵышәа 30 000 метр ԥшьыркца ыҟоуп, иаҵанакуа адгьылҭыԥ – 4,7 гектар. Апансионат ахә - 60 миллион 549 нызқь мааҭ артәоит. Аԥхьанатәтәи ахәԥса – 61 миллион мааҭ. Аобиект аиҭашьақәыргылара ҿҳәарас иамоуп хышықәса.

Аԥсны аҳәынҭқарратә мазара анапхгареи ахатәтәреи рзы аилак ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа иазгәеиҭеит ахыбра 1970-тәи ашықәсқәа раан ишыргылаз, иахьазы аҭагылазаашьа шыбааԥсу.

"Аобиект ахаҭа аԥаразоужьра адагьы аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа аҭахуп. Урҭ аусурақәа рымацарагьы 200 миллион мааҭ рҟынӡа идыртәоит", - иҳәеит иара.

Актәи аԥхьараан адепутатцәа аӡбрақәа рыдыркылеит Гәдоуҭа ақалақь аҿы адәқьанқәа №4, №3, аҩныргыларатә комбинат, акомплекс "Гагрский завод безалкогольных напитков" (Гагра), Ақырҭаа имҩаҿы аӡәӡәарҭа (Аҟәа) рхатәтәразы.

Аҟәа ақалақь агәҭаны ауаҩшьрақәа

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Аҽа хҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Иҟоу адыррақәа рыла иҭахеит: Шамба, Аҩӡба.

ААР ишаанацҳаз ала ахәра ӷәӷәа зауз ақьафурҭаҟны аус зуаз анаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лыԥсы ҭоуп, ӷәӷәала дхәуп, лҭагылазаашьа уашәшәыруп. Дыиагоуп ареспубликатә хәышәтәырҭахь анеирохирургиа аҟәшахьы, ареанимациаҟны дышьҭоуп.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо  - Sputnik Аҧсны
Аӡы иаго, аҳәҳәабжь иаҳаӡом, мамзаргьы акриминал аҳра анауа

Аоператив ԥшаарақәа ирылҵшәаны автомашьына былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақьафурҭақәа руак аҟны иҟалаз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит.

Рауль Ҳаџьымба амчратә еилазаарақәа рҿаҧхьа адҵа ықәиргылеит иҟалаз ацәгьоура аарҧшреи ахара зду ақәнага рақәыршәарази аиҵаҟәшақәа зегьы ралархәразы. Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа ирыдиҵеит ацәгьоура ҟазҵаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәаа иахымсырц азы иақәнагоу ауснагӡатәқәа мҩаҧыргарц.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба Ахада адырра ииҭеит имҩаҧгоу аусхкқәа рзы.

Аԥсуа театр адиплом анашьоуп

С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр ианашьахеит адиплом: "Иреиӷьу актиортә ансамбль" ҳәа афестиваль "Южная Сцена" аҟны. Афестиваль мҩаԥысуан Нальчик, абҵара 17 - 22 рзы.

Афестиваль аҿы идырбан еиҭашьақәыргылаз аспектакль "Ажәҩан аҿықә" (арежиссиор Валери Ақаҩба).

Ажәабжьқәа зегьы
0