Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳараниа: Валери Багаҭелиа иабџьар иԥҳа лыхьыӡ ҭаԥҟаны ианын, уи сыбла ихгылоуп

© SputnikВячеслав Харания
Вячеслав Харания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, агәыԥ Бабаду командаҟаҵаҩыс иҟаз, ашәаҳәаҩ, аспорт азҟаза Валери Багаҭелиа иԥсы ҭазгьы абҵара 28 аҽны ихыҵуазаарын 65 шықәса. Sputnik Аԥсны арадио аефир аҿы аибашьҩы дигәалаиршәоит иҩыза, Леон иорден занашьоу Виачеслав Ҳараниа.
Аԥсны еицырдыруа ауаа: Ҳараниа Валери Багаҭелиа изкны

"Ҳбаталион аихамҩа зегьы изыхьчоз ҳакәын. Џьара жәыларак аныҟалалак дахьыхәмарша инструментк аашьҭыхны Валери Багаҭелиа ашәа аҳәара далагон, аҭагылазаашьа егьа ицәгьазаргьы, иашәа нагӡаны имҳакәа иуамызт. Абри алагьы ауаҩы ибарҭоуп Валери иҟазара еиҳа ишеиҳаз, избан акәзар, иваԥжәози иваҭҟәацуази ибаӡомызт, убри аҟара имузыка даанахәон. Ишьоуреи, ақалақь аҭарцәреи акәын дзызхәыцуаз иара, уи ауп ԥхьаҟагьы ихоз. Иикыз иабџьар ашьхәаҿы иршьыз ихәыҷы лыхьыӡ ҭыԥҟан, уи иахьагьы сыбла ихгылоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳараниа.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0