00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
4 мин
Ҳара ҳжәар
18:29
1 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
4 мин
Ҳара ҳжәар
21:29
1 мин
Новости
21:31
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа
Мураҭ Иаган ихаҭара иазкны Владимир Занҭариа иҿцәажәараҿы
13:15
18 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аицлабра "Адырра. Алектор" аихшьаала ҟаҵоуп: иалкаахаз рыҿцәажәара
13:45
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Турбаза
On air
14:17
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Ахада Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс Раули Смыр дҟаиҵеит

© Foto / АпсныпрессРаули Смыр
Раули Смыр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, Аԥсны ахада иусԥҟала Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала инапынҵақәа наигӡон Леван Кәарцхьиа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иаҭаразы ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

"Раули Қьаазым-иԥа Смыр Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс даҭазааит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Раули Қьаазым-иԥа Смыр диит Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан хәажәкыра 5, 1953 шықәсазы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Амилициа даполковникуп, 20 шықәса инареиҳаны АА аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҟны аус иухьеит. 2018 шықәса хәажәкырамзазы "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҟны шықәсырацәалатәи аусуреи апрофессионализм ҳараки рзы" ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара. Аԥсны ахада уи министрс дҟаиҵаанӡа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Ауаажәларратә шәарҭадара аусбарҭа аиҳабыс акыршықәса дыҟан.

Ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит 300-ҩык инарзынаԥшуа абҵара 22 рзы иршьыз Алхас Аҩӡбеи Асҭамур Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи, атәыла ауааԥсыра. Еизаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иамхра дҵас иҟарҵеит. Абри ашьҭахь дара Апарламент ахыбрахь инеит.

Иҟаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы Гарри Аршба имаҵура дамхын. Иара убас рмаҵурақәа ирымырхит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов, Апрокурор хада Зураб Ачба, уи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0