Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганба: азинхьчарахь инеиуа авба имамзароуп, иусура аҳәынҭқарра анырра анамҭароуп

© Foto / предоставлено Сергеем Бганба Сергеи Бганба
Сергеи Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акыршықәса Аԥсны апрокуратураҿы аус зуаз, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз аиурист Сергеи Бганба арадио Sputnik аефир аҿы ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит.

 

Бганба: азинхьчарахь инеиуа авба имамзароуп, иусура аҳәынҭқарра анырра анамҭароуп

"Азинхьчарахь инеиуа аиҳабацәа цқьазароуп, урҭ ус ианыҟала егьырҭ аиашахь инаугоит, изымуа аҩныҟа уца ҳәа иауҳәароуп, зынӡа изымуа - аус дақәуршәароуп, дҭаукроуп. Аӡбаҩ ииашан аус иуроуп, уи атәы узымдыруазар, уаламцәажәозароуп, "ас ҟаҵа, анс ҟаҵа" ҳәа аҳәынҭқарраҿы аус зуа ауаа ус адҵақәа ирықәныҟәароуп. Уаанӡа, аибашьра ҟалаанӡа, есышықәса азинхьчаратә усбарҭақәа инарыгӡоз аусура атәы иалацәажәон, асистемаҿы иҟаҵоу атәы рҳәон. Ацәгьа ишԥаҿагылоу? Иара аандыргылартә иҟарҵеи? Аӡә дҭактәума, аӡә даушьҭтәума? Амчратә усбарҭақәа русура аҳәынҭқаррагьы аԥырхагамхароуп, мап анакәха, иакәым ахь инанагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0