АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы илеиз асы иалнаршеит акурорт "Красная Поляна" аҟны ашьхашәҩатә сезон еиҳа заа - ԥхынҷкәын 6 рзы аартра. Абри атәы аанацҳауеит Шәача ақалақь ахадара асаит.
Ииасыз ашықәс азы акурорт "Красная Поляна" аҟны ашьхашәҩа асезон аартын ԥхынҷкәын аҽеҩшамҭаз.
"Ԥхынҷкәын 14 рзы ара иазԥхьагәаҭоуп аӡынразтәи раԥхьатәи аныҳәатә уснагӡатә - "Fun Contest Первый снег". Апрограммаҿ иазԥхьагәаҭоуп алахҿыхра зцу аспорттә еиндаҭларақәа шәҩала аныҟәаҩцәеи асноубордистцәеи рзы", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Акурорт "Роза Хутор" аҿы официалла ашьхашәҩатә сезон аадыртуеит ԥхынҷкәын 20 рзы.
Акурорт аҿы асыԥсалеиратә шәарҭадара иахылаԥшуеит Афедералтә метеорологиатә маҵзураа усзуҩцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Гарцкьиа аӡынтәи атуризм азы: ахәԥса лаҟәызароуп