АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. 24 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иҟаиҵаз ацәгьоурақәа жәпакы аадырԥшит шәачатәи аполициауаа. Абри атәы аанацҳауеит Шәача ақалақь ААР апресс-маҵзура.
Ҩымчыбжьа раԥхьа аполициаа рахь инеит ақалақь аҟны инхо хҩык ауааԥсыра. Дара ражәақәа рыла, амҩаҿы арԥыс қәыԥшк дрықәланы ахьымаҭәеи аԥареи рцәигеит. Иааидкыланы аԥхасҭа ахәԥса 240 000 мааҭ ыҟоуп ҳәа ишьақәыргылан.
Аполициауаа имҩаԥгаз аоперативтә усурақәа рышьҭахь дааныркылеит 24 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ. Иӷьычыз рыхәҭак идбалан.
"Шәача ақалақь ААР ашьаусҭҵаара хацнаркит Урыстәылатәи Афедерациа азакәанеидкыла ахәҭаҷ 161 ахәҭақәа 1,2 инарықәыршәаны", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Иарбоу ахәҭаҷ ала иара быжь-шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара иқәшәар алшоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра