Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

CC0 / / амхы
амхы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дарбанзаалак иԥсҭазаараҟны дрықәшәоит лассы-лассы ибла иаахгыло, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан игәалашәало, ҿырԥшыгас даныхәыҷыз иоуз ахҭысқәа. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳадылгалоит аӷьычцәа рахьырхәра иадҳәалоу лҭаацәараҿы аҭыԥ змаз узырхәыцша хҭыск.
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

Аабыкьа ҳҩыза ажурналист Саида Жьиԥҳа рашҭа иҭалаз аӷьыч изкыз ажәабжь анылҩы, схәыҷаахыс схаҿы инхаз саб аӷьычцәа чеиџьыкала "иширҭаслымыз" атәы сҩындаз сгәахәит.

Аӷьычцәа еснагь иҟан, уажәеиԥш рхы иоужьны иҟамзаргьы. Ҽаҩраҭагаланын. Еиҭасҳәарц исҭаху ахҭыс аныҟалаз сара хә-класск рҿы стәазар ҟаларын. Аҭагала иасакьаҳәымҭан. Убри ашықәсан аколхоз иатәыз дгьылк аҿы, ҳаҩны маҷк инацәыхараны, саб Асҭамыр амхы лаиҵеит. Аҩны иҟаз ахәыҷқәа зегь ҳаашьҭырхын, сани саби мхҭагалара ҳаргеит. Аџьықәреи ҿаҳхын, ауха аҩныҟа иааҳгеит аӡаӡа "иамкәабарц" азы, нас аказарма ззырҳәо ахыбра иҩнаҳаԥсеит. Ҳара аџьықәреи ҿаҳхуанаҵы, саб аԥҳәқәа рхуа, иҿаҳәо дҳашьҭан. Аџьықәреи аналаҳга, сабгьы иԥҳә ҿаҳәарақәа рхианы иргылахьан. Ауха аидара мҩангага машьына азна аџьықәреи аҩныҟа иааҳгеит, аԥҳәқәа уа иакуамызт азы, уаҵәы, ма уаҵәашьҭахь иааҳгап ҳәа иԥхьаӡаны ауха уа инижьит саб.

Архивтә фотосахьа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп

Адырҩаҽны акәу, адырхаҽны акәу сгәалашәом, аха саб иԥҳә ҿаҳәарақәа дрышьҭаланы аколхоз дгьыл аҿы днеизар, икеикеиуа амхурсҭа ҭацәын. Аԥҳә ӷьычра иазыманшәалаз иргазаап, аӡын рырахә иҭәы-иԥха иныҟәыргаразы. Ари збаз саб ихьымӡӷишьеит, ақыҭаҿы амхурсҭа иҭаланы ҳџьабаа здыз аԥҳә ҿаҳәарақәа зӷьычыз дышԥаҟалеи ҳәа. Иҭра дыҭҟьаны аҩны дааит, аха рацәак днымхакәа деиҭацеит.

Ашьҭахь ишеилыскааз ала, аԥҳә зӷьычыз ҳәа гәҩарас имаз рышьҭа дынхылан, амашьына ирцәалышәшәаз абыӷь ҩарақәа рыла изгаз рашҭа дынҭалазаап. Дахьнанагаз игәыларамызт, аха иагьыхарамызт. Иара имҩаԥигаз "аусҭҵаара" аҿагылара шҵакыдаз рдыруазар акәхарын, аԥшәмацәа рҿы рықәшаҳаҭхазаап. Шьыбжьоншәа саб аҩныҟа дгьежьын, "сасцәақәак сзаауеит, рхәы ҟаҵа" иҳәан, сан адҵа налиҭеит. Сангьы асасцәа дахьқәа сзаауеит лгәахәын, аҽазырхиара далагеит. Иааилахәлоны ҳгәашә иаалагылеит азна аԥҳә ақәҵаны аидара мҩангага машьына. Иаразнак сцәа иалашәеит саб ҳаԥҳә изӷьыч аҩныҟа ишаадиргаз. Рмашьынала ҳашҭа инҭалан, ҳказарма ахьыҟаз аганахь инаргыланы рхала иақәырхын, уахь ахыбраҿы инеикәадыргылт. Дара ҩыџьа ыҟан, ибзиангьы издыруаз ракәын, амала сахьрыхәаԥшуаз сара сыԥхашьахуан…

Аԥҳә зегь анақәырх сан илырхиаз аишәа еицахатәеит саб иӷьычцәеи иареи. Дара ҿырҭуамызт, иара иблақәа гызмалӡа, ахчбаба дагәылатәазшәа, ныҳәаҿақәакгьы ааникылон. Саб сизгәааит сара абри зегь сыбла иахьабоз, схәыҷра ишеилнакаауаз ала, ауаа раҳаҭыр лаирҟәит. Даҽа ганкахьала, еилыскаауан аӷьычра шпатудаз, аха зхы зыкәаҽ итәаз шықәса 30 зхыҵуаз ахацәа сахьырҿаԥшуаз, ирыцҳасшьон. "Ҳасасцәа" рыҩныҟа ианца ашьҭахь, сгәынамӡара саб иасҳәеит. Иара иакәзар, "уҩны иааиуа дарбанызаалак, дӷьычзаргьы, ачеиџьыка изцәыругароуп, насгьы, абри еиҳау, аӷьыч ирҭаслымзаргьы, хьырхәра ыҟам" иҳәеит.

Шаҟа шықәса ҵуазеи уи аахыс, аха ари ахҭыс схаҿы иаанхеит, усҟан "сасра иаҳҭаз" рыҩнеихагыла дуқәа санраҩсуа, аҳаҷаҳәа иаасгәалашәоит акыр шықәса раԥхьа ирыхьыз ахҭыс. Исыздыруам, аиашазы, анапхы ацқьара аганахьала, ирхыргаз рыхәоу ирмыхәоу, аха саб иҟаиҵаз ҳара ииаӡоз ҳзгьы иҿырԥшыгазарц азы акәыз џьысшьоит.

Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

Ари ахҭыс аҩыза аибашьра ашьҭахьгьы исаҳаит. Ажәеи ажәеи еихҳәаало, абра иацысҵарц сыӡбеит уажәшьҭа ифольклорхахьоу даҽа ажәабжь кьаҿкгьы. Аибашьра анеилга ашьҭахь, амародиорра ззымхаз џьоукы Џьгьарда ақыҭан Ахәҵа ҳәа ҳәа иахьашьҭоу аганахь зхала инхоз ԥҳәыс быргк ддырҳәырц џьоук лызнеизаап. Ӡнын рҳәеит ари еиҭазҳәоз. Абырг илҭааз "асасцәа" рҿаҳәарақәа еизго лыҩны ишыҩназ, амш ааиласын асоура иалагазаап. Асы ауа, иауа, аӷьычцәа рмашьына иақәырҵаз аидареи дареи уа иҭанасызаап. Иҟалҵахуааз, рҳәеит, аԥҳәыс бырг, "лысасцәа" рхәы ҟалҵан, лҩынтәыршыра уатка нықәыргылан, аишәа инахалыртәазаап.

"Ди, ҳара абри иаҳҭахны иҟаҳҵо џьыбшьома, аибашьра ашьҭахь ҳазҭаркыз аблокада иахҟьаны, ҳҭаацәа ҳазныҟәымго ҳҟалеит азоуп", - ҳәа ажәахә цәыригазаап руаӡәы, иаҵәца шьҭыхуа. Абырг илылшагәышьоз, дзырҳәыз лчеиџьыка рҽанадырҟьашь, риарҭақәа ҟалҵан, ишьҭалҵеит рҳәеит. Ауха сдукгьы млеизар акәхап, рмашьынала аграпарақәа налданы адырҩаҽны лашҭа инҭыҵны ицеит…

Исыздыруам, урҭ аӷьычцәа аԥшәма лчеиџьыка иаҵанакуаз еилыркаау еилырымкаау, аха лара лыуаҩра ахә ушьаратәы иҟоуп. Даҽа ганкахьала ҳахәаԥшуазар, аӷьыч ифилософиа шыҟаз иаанхазар ҟалап, саб иӷьычцәа реиԥш, иԥхамшьаӡақәа идырҳәыз лчеиџьыка ыфаны, лыҩны ахыб иаҵаиазар…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0