АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭан сынтәазы раԥхьатәи асы алеира иалагеит иаха ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа амцарцәара-еиқәырхаратә пост аиҳабы Сергеи Зинченко.
"15 сантиметра рҟынӡа асы леит. Ҳара ҳзы уи маҷуп. Ҩ-метрак рҟынӡа ианҳазкаҳауагьы ҟалалоит. Амра ԥхоит, ажәҩан иаҵәоуп, ашьхақәа асы илагылоуп", - иҳәоит Зинченко.
Аԥсны АҶА аусзуҩ иажәақәа рыла, алашара шыҟац иҟоуп, ақыҭауаа аԥсабара аҳамҭа иеигәырӷьоит.
Ԥсҳәы амшын аҟынтәи аҳаракыра 760 метра инаӡоит. Уа инхо ауааԥсыра ақыҭанхамҩа рнапы алакуп, ишәарыцоит. Афымцалашара рымоуп, ателехәаԥшреи аинтернети рыла еиқәшәоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Зыхәба: Ԥсҳәы ақәыҭан аӡы апроблема ӡбоуп